«Князь Владимир» – амаршрут: Шәача – Новороссиск – Иалта – Севастополь – Шәача ала акруизқәа мҩаԥызго, Зҭакԥхықәа Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Черноморские круизы» иатәу жә-кыӷәрактәи акруизтә ӷба ауп. 2017 шықәса раахыс ари аӷба урыстәылатәи абираҟ аҵаҟа иныҟәоит, амшынбаӷәаза – Шәача ауп издыԥхьаӡало.
03.Рашәара.2023
Рашәарамза анҵәамҭазы акруизтә лаинер «Князь Владимир» Шәачеи Аҟәеи рыбжьара ареисқәа мҩаԥнагалоит.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамзазы Шәачантәи Аԥсныҟа иоужьҭхоит акруизтә лаинер «Князь Владимир». Абри азы РИА «Новости» ахь адырра ҟаиҵеит шәачатәи амшынтә баӷәаза адиректор Иури Владимиров.
«Князь Владимир» Шәачатәи амшынбаӷәаза инеиуеит рашәарамза 21 азы. Аԥсныҟа раԥхьатәи ареис амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп рашәарамза 29 азы. Шәачантәи аӷба уахынла идәықәлоит, анаҩс Аҟәаҟа ахы архоит, араҟа игылазаауеит хымш. Зынӡа аԥхынтәи аамҭахәҭа иалагӡаны алаинер инанагӡоит 11 реис.
Алаинер «Князь Владимир» ала Шәачантәи Аԥсныҟа акруизқәа ружьҭра ала Шәачатәи амшынтә хәаахәҭратә баӷәаза аҿы атуристә мҩасра 5 инаркны 10 процентк рҟынӡа иазҳауеит, ҳәа иԥхьаӡоит шәачатәи амшынбаӷәаза аиҳабы Иури Владимиров.