АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2023

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба Гагра ақалақь ахь агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба Гагра ақалақь ахь агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигеит.

Аминистр иԥылеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩцәа Адамыр Цишбеи араионтә Еизара адепутатцәеи.

Аминистр амедицинатә центр – иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раахыс аус зуа,  еицырдыруа гагратәи аминералтә ӡқәеи атыҩшаӡритәи аҳәынҵәалахәышәтәреи ирызку абальнеологиатә хәышәтәырҭа даҭааит.

Абальнеологиатә хәышәтәырҭа аусура иаҟәыҵит  2010 шықәсазы, аха хәажәкырамза 2022 шықәсазы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, уи ҩаԥхьа аусура иалагеит.

Абальнеологиатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Валентина Верхотурова лажәақәа рыла, Гагра иҟоу атыҩшаӡритә аҵхырҭа ахәышәтәратә ҟазшьақәа рыла адунеи аҿы иреиӷьуп ҳәа иԥхьаӡоуп.   

Ацентр аҿы иҟоуп 52 атыҩшаӡритә ваннақәа, убри аҟараҵәҟьа ыҟан асовет аамҭазгьы. Ара иара убас иҟоуп агидромассажтә ваннақәа, душ Шарко, хамам ҳәа изышьҭоу Мрагыларатәи атәылақәа рҽыкәабарҭақәа, аӡҭарчы (абассеин), иара убас  аҳәынҵәалахәышәтәра иазку апроцедурақәа мҩаԥыргоит.

«Ацентр азы амедицинатә еиқәыршәагақәа зегьы Урыстәылантәи иаахәаны иааргеит. Аваннақәа апациентцәа рыкапани роуреи рыҭбаареи ахьеиԥшым ҳасаб азуны шәагаала еиуеиԥшым.  Атехникатә аусура алагалара амедицинатә маругақәа рынџьныр ихылаԥшра аҵаҟа имҩаԥысуеит», - ҳәа иазгәалҭеит Валентина Верхотурова.

Абальнеологиатә хәышәтәырҭаҿы аус руеит 35-ҩык аусзуҩцәа, урҭ рахьынтә 34-ҩык аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп. 

Абӷашшара аӡаҵаҟатәи арххара акабинет аҭаара ашьҭахь, аминистр атуризм Аминистрра ахарџь ала иарбоу апроцедура  абальнеологиатә хәышәтәырҭа иацәыхарамкәа иҟоу Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы Ареспубликатә реабилитациатә центр, абӷашшара апроблема змоу апациентцәа рзы амҩагаразы ажәалагала ҟаиҵеит. 

Аҳақьым хада апациентцәа уи ргәабзиара иаԥырхагаӡам ҳәа ишьақәыргылахар, усҟан дара азхиоуп иарбоу апроцедура рахыжьра ҳәа иазгәалҭеит.

Аҳақьым хада аминистр илырбеит рашәарамза агәазы заартра азԥхьагәаҭоу аӡҭарчы (абессеин).

Ацентр асасцәа агәы-датә система аҭагылазаашьа хра злоу анырра азҭо аҵәыҵәритә коктеиль агәаҭаразы ирыдыргалеит. Валентина Верхотурова лажәақәа рыла, иарбоу абальнеологиатә хәышәтәырҭаҿы сааҭк ала ирыдыркылар алшоит   104-ҩык рҟынӡа апациентцәа. 

Анаҩс аминистр Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба дицны ақалақьтә плиаж аҭагылазаашьа гәеиҭеит.

Ҭеимураз Хьишба аплиаж аҿы аԥсеиқәырхагатә станциа аус аура шеиҿкаатәу, насгьы Асанитар-епидемиологиатә Станциа амшынӡы лассы-ласы агәаҭарақәа рымҩаԥгара шахәҭоу инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

«Ари ихадоу аӡҭаларҭа ауп, арахь аԥсшьаразы иааиуеит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш асасцәагьы. Аиқәырхаҩцәа ыҟамзар ҟалаӡом», -ҳәа иҳәеит аминистр.

Адамыр Цишба, аԥсеиқәырхагатә станциеи амедпункти аплиаж аҿы рашәарамза 15, аҽыкәабарҭатә сезон аартра инаркны аусура ишалаго азгәеиҭеит.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ иҟаиҵаз адыррақәа рыла, араион аҿы ирхианы иҟоуп 26 нызықь инарзынаԥшуа ашьҭаларҭа ҭыԥқәа.

Ишдыру еиԥш, аԥсшьаратә  аамҭахәҭа азы зегьы реиҳа атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи зҭаауа Гагра араион ауп.

«Ақалақь амаҵзурақәа зегьы, араион аҿы инхо аҭыԥантәи ауааԥсыреи уи иаҭаауа асацәеи рзы излауа ала иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара азы ирӷәӷәоу арежим ала аус рулар ауп», –  ҳәа аҵыхәтәан инаҵшьны иазгәеиҭеит атуризм аминистр. 

 


Read 381 times - Амҽыша, 04 Рашәара 2023 12:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.