АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2023

Пицунда атуристцәа рыдкылара иазхиоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба Пицунда ақалақь атуристтә аамҭахәҭа ишазыҟаҵоу азы агәаҭара мҩаԥигеит.

Пицунда ақалақь Ахадараҿы, рашәарамза 2 азы имҩаԥысит Ҭеимураз Хьишбеи ақалақь ахада Руслан Хәынцариеи русуратә еиԥылара.   Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Дмитри Занҭариеи  Асҭамыр Барцыци, иара убас апансионатқәа реидгылара «Пицунда акурорт» адиректор  Фрикан Гәынба.

Ақалақь ахада Руслан Хәынцариа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Пицунда атуристтә аамҭахәҭа иазхиоуп. Ақалақь аиқәыршәазаара иазку аусурақәа зегьы мҩаԥгоуп. Ӡыла аиқәыршәара аганахьалагьы уадаҩра ыҟам,  макьаназы аҭыԥ змоу аиԥҟьарақәа зегьы аамҭа кьаҿ иалагӡаны ирҽеихоит.

Аминистр ақалақьтә плиаж аҭагылазаашьа азы дазҵааит.  

Руслан Хәынцариа аплиаж иахьаҵанакуа зегьы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥган ҳәа аҭак ҟаиҵеит.

Ҭеимураз Хьишба ақалақьтә плиаж аҿы аԥсеиқәырхагатә станциа аргылараҿы ацхыраара ҟаиҵеит. Аиқәырхаҩцәа руалафахәы ашәара апансионатқәа реидгылара "Пицунда акурорт" ахахьы иагоит. «Атуристцәа реиҳараҩык Пицундаҟа изаауа аплиаж аҿы рыԥсшьараамҭа рхыргарц азы ауп, убри аҟнытә ихымԥадатәиуп ҳәа исыԥхьаӡоит ишәарҭадоу, иманшәалоу аԥсшьаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара. Аԥсеиқәырхаратә станциа ыҟазароуп хымԥада, иара убас аиқәырхага жилетқәа аахәатәуп», –   ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хьишба.

Иара убас, аминистр лассы-лассы амшынӡы агәаҭарақәа шымҩаԥгалатәу азгәеиҭеит, уи иҟоу анормақәа ирхымсларц, атуристцәа ргәабзиара хра злам анырра анамҭаларц азы. 

Пицунда аӡы даараӡа ицқьоуп, Асанитар-епидемиологиатә Станциа уи ахылаԥшра ӷәӷәа анаҭоит, лассы-лассы, еиԥҟьарада аӡы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит, ҳәа иҳәеит ақалақь ахада.

Атуризм аминистр аҭыԥантәи ауааԥсыра усурала реиқәыршәара азҵаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит.  Араионқәа зегьы рҟынтәи Аԥсны атәылауаа аԥхынра аусуразы Гагреи Пицундеи иаауеит, урҭ излауа ала усурала реиқәыршәара алыршатәуп. Аминистр ҿырԥштәыс иааигеит илаԥш иаҵашәаз Гагра асасааирҭақәа руак ахь аусуразы аусзуҩцәа рыдкыларазы  иҟаз алаҳәара. Уаҟа, иара иажәақәа рыла, аусуразы ирыдыркыло доурысзароуп, мамзаргьы дерманызароуп ҳәа иарбан.  

«Сара аҳәара ҟасҵоит, ас еиԥш иҟоу алаҳәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара алшәыршарц. Ас еиԥш азнеишьа ҟалашьа амаӡам, уи – адискриминациа ауп. Аусурахь ирыдыркылозароуп милаҭла еилых ҟамҵакәа Аԥсны атәылауаа зегьы», –  ҳәа иҳәеит иара.

Аилатәара аҿы иара убас ахәаахәҭратә обиектқәа русура азҵаарагьы иазааҭгылеит. Ҭеимураз Хьишба урҭ реиҳарак ргәаҭара мҩаԥигеит. Акипаристә аллеиа аҿы,  ақалақь аҭеиҭыԥш ԥхазҭазтәуаз 36 инарзынаԥшуа иажәхьаз ахәаахәҭратә обиектқәа ықәган. Ақалақь Ахадара иҿыцу ахәаахәҭратә обиаектқәа рыпроектқәа еиқәнаршәеит, анардкылаҩцәа ракәзар, урҭ рхатә харџь ала аобиектқәа дыргылоит.  Иахьазы ишьақәыргылоуп  10, ԥыҭрак ашьҭахь даҽа 20-25 рҟынӡа аобиект ҿыцқәа ргылахоит.  

Акипаристә аллеиа убасҵәҟьа ҿыц ахаҳәцәыла ирчаԥоит.

Аминистр  иара убас ақалақьтә плиаж аҭагылазаашьа гәеиҭеит.

Аԥсны аӡҭаларатә сезон алагоит рашәарамза  15 инаркны.


Read 223 times - Амҽыша, 04 Рашәара 2023 13:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.