АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Цәыббра.2023

Агәабзиарахьчара Аминистрра Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иҿыцу адиагностикатә маругала еиқәнаршәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахәышәтәырҭа ирҽеиу атехникатә ҭагылазаашьақәа рҿы аус шауа гәеиҭеит.   

Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иаҭоуп: еиҭаҵуа арентген-аппарат, афымцагидравликатә апҟаратә стол, аӡәӡәага-зҩыдатәратә репроцессор, дерматом ҳәа изышьҭоу, адонортә цәеижь ҵаӷа амхны даҽаџьара аҭара азы рхы иадырхәо  иҭелдатәу амедицинатә аппарат,  авидеогастроскопқәа ҩба, аендоскопиатә видеопроцессор, ачымазаҩцәа рыиагаразы амедицинатә кәырҷыжь, амедицинатә монитор, афымцатә аквадистилиатор, адиагностикатә еиқәыршәагақәа, уҳәа убас иҵегьы.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Инесса Камлиа, ахәышәтәырҭа иаҭаз амаругақәа рышьақәыргылара мҩаԥысуеит ҳәа адырра ҟалҵеит.

«Аиқәыршәагақәа зегьы рышьақәыргылара ҳшааалгалагьы, абжьаратәи амедицинатә персонал урҭ рхархәарала аусушьа дырҵара ҳалагоит. Ҳара ари аус аҿы ацхыраара ҳаиҭоит, ҳхәышәтәырҭа ахь амаҵураныҟәара аҳасабала иаашьҭу ҳара Башкиртәи ҳколлега», - ҳәа илҳәеит лара.

Инесса Камлиа, шьҭарнахыс ахәыҷқәа ирыҭахо амедицинатә цхыраара аеффективра акыр еиҳахоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла, иаагоу аиқәыршәага ҿыцқәа ааизакны рыхәԥса 9 млн. 500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, алабораториа ҿыц аиҭашьақәыргылареи иахәҭоу амаругақәа рыла аиқәыршәареи уахь иналамҵакәа.  

«Ҳара иаадыруан ахәыҷтәы хәышәтәырҭа атехникатә еиқәыршәара аганахьала арҿыцра аҭахны ишыҟоу, аиҳарак алабораториа. Иҳаҩсыз ашықәс азы абиохимиатәи агематологиатәи анализаторқәа аахәан, иара убас егьырҭ ихымԥадатәиу аиқәыршәагақәагьы. Уи иақәхарџьын   5 млн. мааҭ инареиҳаны.  Сынтәа урҭ зыҩнагыло ауада аиҭашьақәыргылара хыркәшахеит. Ахәышәтәырҭа аусура иҿыцу аҩаӡара ахь ацәырҵит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Алабораториа аусура ианалагалак ашьҭахь, аҭҵаарақәа рымҩаԥгара иақәырӡхо аамҭагьы еиҳа имаҷхоит, аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы алшарақәагьы ирыцлоит.

«Знык ала 40 инарзынаԥшуа анализқәа рымҩаԥгара ҟалоит, хә-минуҭк рыла аҭакқәагьы роулоит. Уаанӡа аҭаацәа  сааҭла анализқәа рылҵшәақәа ирзыԥшыр акәын», - ҳәа иҳәеит Ареслубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭа алабораториатә диагностика аҟәша аиҳабы Иван Бурбуниди.

Едуард Быҭәба иара убас ахәышәтәырҭа анапхгара – апалатақәа рырҽеира, ахәышәтәырҭа аихагылақәак рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, иара убас ахәышәтәырҭа аҟәшақәк ҳаамҭазтәи амаругала инацҵаны реиқәыршәара, уҳәа иахьазы иҟоу апроблемақәа рганахьала дрыҿцәажәеит.  


Read 289 times - Аԥшьаша, 14 Цәыббра 2023 22:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.