Џьеихун Гусеинов ахьырхәра аҳасабала 15 шықәса ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы ҭакрала ахгареи 700 000 мааҭ ахараԥса аҳәынҭқарра ахашәалахәы ахь иршәареи иқәҵоуп. Иарбоу ацәгьоуразы идҵоу ахара Гусеинов Д.В. иазхеиҵеит.
18.Цәыббра.2023
Азербаиџьан атәылауаҩ анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра азы 15 шықәса ҭакрала ахгара иқәҵоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа цәыббрамза 15 рзы Азербаиџьан атәылауаҩ, 1981 шықәса рзы ииз Гусеинов Џьеихун Вилаиат- оглы иганахьала ашьаустә усеилыргара ахәаԥшра хнаркәшан ахарадҵатә зыӡба аднакылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аофициалтә саит.
Џьеихун Гусеинов Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоураҿы дыгәҩаран.
Араҟа излацажәо ҷыдала зыкапан дуу (13,915 грамм рҟынӡа инаӡо) анаркотикатә маҭәашьар «метадон», анаҩс аҭира гәҭакыс иҟаҵаны, аахәареи аҵәахреи аиагареи ирыдҳәаланы 2023 шықәса ажьырныҳәамзазы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ацәгьоура ауп.