АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Цәыббра.2023

Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥысит зхы иақәиҭу аиқәԥаразы XXV Жәларбжьаратәи атурнир.

Аҟәа. Цәыббрамза 18,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 15 – 17, 2023 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны зхы иақәиҭу аиқәԥаразы XXV Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуан, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Нхыҵ Уаԥстәыла, Адыгеиа, Ареспублика Арцах ақалақьқәеи араионқәеи Шәача ақалақьи рҟынтәи 160-ҩык рҟынӡа  аспортсменцәа.

Аҳҭнықалақь ахьӡала иқәгылеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа зхы иақәиҭу аиқәԥара асекциа ааӡамҭацәа.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа зхы иақәаиҭу асекциа аиқәԥаҩцәа рыбжьара аԥхьахә ҭыԥқәа абасала еихшахеит:

1- тәи аҭыԥ: Фет-оглы Абазг (32 кьыла), Арлан Нестор (41 кьыла), Жьиба Сандро (44 кьыла), Лежьиа Никита (48 кьыла), Допуа Данил (52кьыла), Арсҭаа Леонид (75 кьыла), Џьопуа Денис (52 кьыла);

2-тәи аҭыԥ: Шәардлаа Асҭан (30 кьала), Кархалаа Дамеи (41 кьыла), Адлеиба Максим (52 кьыла).

3-тәи аҭыԥ: Кәыҵниа Данаҭ (48 кьыла), Базильски Лаша (52 кьыла), Аршба Сандро (35 кьыла).

Аспортсменцәа азыҟарҵон: Навик Алабиан, Игорь Бераиа, Ҭемыр Џьопуа, Мераб Хашба,  Ахра Ҵәыџьба.


Read 281 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 20:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.