Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 17 рзы Бриансктәи аобласт агубернатор Алеқсандр Богомаз аофициалтә дкылара мҩаԥигеит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Брианск ақалақь Амш азгәаҭареи Брианшьина афашистцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 80-шықәса аҵреи иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы иааз ҳаҭыр зқәу асасцәеи аиашьаратә қалақьқәа рделегациақәеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
«Инықәҳа ицоит аамҭа, ашықәсқәа, абиԥарақа ҿыцқәа еиҵагылоит, аха ари амш, цәыббрамза 17, 1943 шықәса афырхаҵареи агәымшәареи рсимвол аҳасабала наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Бриансктәи афронт архәҭақәа ҳтәыла аҭоурых адаӷьақәа ирнылаз, бриансктәи адгьыл ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа зеиӷьаҟам ала имҩаԥыргеит. Аԥсадгьыл бриансктәи адгьыл ахақәиҭтәразы хацәнымырха еибашьуаз ҳџьынџьуа рфырхаҵара ахә ҳаракны иашьеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Алеқсандр Богомаз.
Брианск инеит аиашьаратә қалақьқәа: Гомели Мински (Ареспублика Беларус), Аҟәа (Аԥсны), Брианки (Лугансктәи Жәлартә Республика), Курск, Липецк, Ориол, Пензы, иара убас АПКР «Брянск» ахаҭарнакцәа.
Уи аԥхьа, иара убри аҽны аделегациақәа рыдыркылеит Брианск ақалақь ахада Марина Дбари Бриансктәи ақалақь ахадара аиҳабы Алеқсандр Макарови.
Арратә Ахьӡ-Аԥша Ашҭеи Ахьӡ Камшәара Аҳәыгәреи рҿы аофициалтә дкылара ашьҭахь, ақалақь агәалашәаратә ҭыԥқәеи арратә мемориалқәеи рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
А. Осипенко ихьӡ зху аспорттә Хан аҿы асасцәа идырбахеит атеатралтә қәгылара «Подвигу Брянщины славной!..» Уи рхы аладырхәит Преображентәи леиб-гвардиа аполк агәыԥ, ашәаҳәаҩ, акомпозитор Алеқсандр Добронравов, Донецктәи Жәлартә Республика аҳәынҭқарратә академиатә филармониа ашәаҳәареи акәашареи рансамбль «Околица», Брианск ақалақь зыхьӡ нагоу асолистцәеи Бриансктәи аобласт арҿиаратә коллективқәеи.
Ԥхынгәымза 13, 2022 шықәса рзы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Брианск ақалақь ахада Марина Дбари ақалақьқәа рыбжьара аусеицуреи аидгыларатә еизыҟазаашьақәеи рыбжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.