АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Цәыббра.2023

Сергеи Шамба: адискуссиақәа рҿы алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа аԥҵазароуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба аоппозициа ахаҭарнакцәа атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиеи иаарту адиалог ахь ааԥхьара рыҭара дахцәажәеит.

Сергеи Шамба игәалаиршәеит ааигәа аоппозициатә политикатә мчрақәа рыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аефир аҿы атәыла анапхгара аҟынтәи ҩыџьа ахаҭарнакцәеи аоппозициа аҟынтәи ҩыџьа ахаҭарнакцәеи алархәны адискуссиа амҩаԥгаразы аԥшьгара шыҟаҵаз.

«Усҟан Инал Арӡынбеи сареи ателехәаԥшраҿы ҳнеит, аха убри аан адискуссиа амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟазҵаз ауаа рхаҭақәа мнеиӡеит. Ҳара ҳҩыџьагьы аицәажәара мҩаԥаагар акәхеит, аха уеизгьы хра злоу ацәажәара шьақәгылеит ҳәа  агәаанагара сымоуп.

Сара сгәаанагарала абас еиԥш аформа змоу адискуссиақәа  рымҩаԥгара ҟалоит. Иазхәыцтәуп иарбан форматла урҭ рымҩаԥгара ахәҭоу. Адискуссиақәа рҿы алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа аԥҵазароуп. Ас еиԥш иҟоу аформат аҿы, сгәы иаанагоит, аминистргьы мап ацәикрым, иара егьырҭ анапхгара ахаҭарнакцәагьы иазхиазаауеит адискуссиақәа рылахәхара», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Шамба.

Аоппозициа цәыббрамза 16 рзы зыдгалара мҩаԥнагаз аформат акәзар, уи, Сергеи Шамба иажәақәа рыла, аполитикатә партиақәа рыҩаӡараҿы ауаажәларра ргәы иҵхо еиуеиԥшым апроблемақәа рылацәажәаразы еиҳа иақәшәоит.

Сергеи Шамба адиалог иаҵоу хра злоу аҵакы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара иҿоу аҳәынҭқарра ҳаргылоит. Ҳара имаҷымкәа еиуеиԥшым апроблемақәа ҳамоуп, урҭ хымԥада алацәажәара аҭахуп. Аӡәгьы иахьа изҳәаӡон иара мацара иоуп аҵыхәтәантәи аинстанциа аҿы аиаша знапы иаку ҳәа.  Ҳҳәынҭқарраҿы ицәырҵуа апроблемақәа, ҳара зегьы ҳзы иҿыцуп, араҟа акыр аҵанакуеит атәыла амчреи ауаажәларреи, еиуеиԥшым аполитикатә партиақәеи рыбжьара аконструктивра злоу ацәажәара ашьақәгылара акыр аҵанакуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ.

Цәыббрамза 16 рзы аполитикатә партиақәа  Аԥсны жәлар ракзаара Афорум, «Аԥсны», ауаажәларратә еиҿкаарақәа «Аруаа», «Ҳара ҳаҳҭнықалақь», Аԥсны жәлар Реиҿкаара, «Ахьаца», «Аамҭа», иара убас акультуреи анаукеи русзуҩцәа гәыԥҩык атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиеи цәыббрамза 19, асааҭ 12.00 рзы аусуратә Центр «Гәдоу-плаза» аҿы иаарту адиалог амҩаԥгаразы ааԥхьара рырҭеит.


Read 202 times - Ахаша, 20 Цәыббра 2023 13:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.