АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Цәыббра.2023

30 шықәса раԥхьа дҭахеит аҟыбаҩ ду злаз аҵарауаҩ-афизик Адгәыр Инал-Иԥа.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 18 рзы  аҟыбаҩ ду злаз аҵарауаҩ-афизик, Леон иорден занашьоу Адгәыр Шьалуа-иԥа Инал-Иԥа (30.11.1952 – 18. 09.1993) данҭаха амш 30 шықәса ахыҵит.

Адгәыр Инал-Иԥа диит абҵарамза 30, 1952 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы еицырдыруа аҵарауаа Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥеи Мира Константин-иԥҳа Хотелашвили рҭаацәараҿы.

1976 шықәсазы иара далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә Университет афизикатә факультет. Иара убри ашықәсан Аҟәатәи афизика-техникатә Институт (СФТИ) аҿы анџьныр-физик имаҵураҭыԥ аҿы аусура далагеит.  

1979 – 1983 шш. – анаукатә усзуҩ еиҵбы, аплазма адиагностика апроблема аҭҵаара инапы алакын. Аамҭак ала иара Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет афизика-математикатә факультет аҿы арҵаҩратә усура мҩаԥигон.

1983 – 1987 шш. – Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) астажиор, анаҩс аспирант, акомета Вега аҭҵаара апрограмма далахәын, анаҩс Марс амҩалаҩ (аспутник) - Фобос аҭҵаара апрограмма ала аҭҵааратә гәыԥ далагалан.

1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) аспирантура далгеит,  афизикатә експеримент атехника, афизикатә приборқәеи акосмостә ҭҵаарақәа рзы афизикатә ҭҵаарақәа равтоматизациеи аусхкы аҿы дыспициалистны дҟалеит.

Адгәыр Инал-Иԥа активла дызлахәыз Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) алабораториа аусзуҩцәа рыла еибыҭаз, анаҩс аԥышәара иахгаз акосмостә маҭәар ашьаҭа злашьақәгылоу аилкаара азы аиқәыршәагақәа, 1990 шықәсазы Марс амҩалаҩ (аспутник) ахь идәықәҵаз амҩалаҩ  - «Фобос» аҿы ишьақәыргылахеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, мызқәак рышьҭахь иарбоу амҩалаҩ аимадара еиԥҟьеит.  Аха, Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) аҿы иарбоу аиқәыршәага аиӷьтәра азы аусурақәа ирыцҵан. Аионтә бзарбзан ахархәарала акосмостә маҭәар ашьаҭа злашьақәгылоу аилкаара азы ашьақәыргылага аԥҵара Адгәыр Инал-Иԥа икандидаттә диссертациа ашьаҭаны иҟалеит.

1987 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа, ААУ акафедра анаукатә усзуҩны дшыҟаз, Адгәыр Инал-Иԥа аамҭакала  Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) аҿы акыр аамҭа зҵазкуаз анаукатә маҵураныҟәарақәа ихы алаирхәан. Адгур Инал-Иԥа ААУ Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститути (МИКИ)  анаукатә еимадара рыбжьаҵара азы аус иуан, убас ала ААУ Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститути (МИКИ) аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара алыршахеит, уи, ахәҭакахьала, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы афизика аганахьала анаукатә усура амҩаԥгаразы ихымԥадатәиу ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа раиура азы зеиӷьаҟам алшарақәа аԥнаҵон.

Рацҳарас иҟалаз, иаалырҟьаны иалагаз аԥсуа-қырҭуа еибашьра иахҟьаны, арҭ агәҭакқәа рынагӡара залмыршахеит. Адгур Инал-Иԥа ила аҩынтә-ионнтәи амасс-спектрометриа амикромодельҟаҵара амҩаԥгара азы аексперименталтә аппаратура аусдулара мҩаԥган. Иарбоу амаруга акосмостә маҭәарқәа рышьақәгылашьа аилкааразы   акосмос аҿы реалла иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ахархәара азԥхьагәаҭан.

1991 шықәсазы Адгәыр атема: «Фобос ишыҟоу аилкааразы адистанциатә гәаҭара иазку алаборатортә модельҟаҵара» («Лабораторное моделирование дистанционного ионного зондирования поверхности Фобоса») ала зеиӷьаҟам ала акандидаттә диссертациа ихьчеит.

Адгәыр Инал-Иԥа ила имҩаԥгаз аҭҵаарақәа рҵакы ахадара иахьа уажәраанӡа актуалра аҵаны иаанхоит, избан акәзар, усҟан иаԥҵаз аппаратура акомплекси ашәара аметодикеи ҳаԥхьаҟа акосмостә маҭәарқәа рыҭҵааразы амиссиақәа разыҟаҵараан, иара убас Амратә система апроцессқәа рышьақәгылара аазырԥшуа адыррақәа раиуразы ахархәара аиур алшоит.

Аҵарауаҩ қәыԥш иинтересқәа зыдҳәалаз акакәны иҟан иара убас акомпиутертә технологиақәа. Иара ареспублика анаука-ԥышәатә ԥсҭазаара аҿы акомпиутертә ус алагалара иаҵоу аҵакы ахадара  шьахәла еиликаауан. Иара Асовет Еидгыла ахыбгалара аламҭалазы ишьақәгылаз атехнологиатә аиҵахара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа рҿы Аԥсны акомпиутеризациа ашьаҭакра аус аҿы ихадоу ароль наигӡон. Ахәҭакахьала, Адгәыр Инал-Иԥа Аԥснытәи Анаукаҭҵааратә Институт (АбНИИ) аусура, аҭыжьратә ус, уҳәа акомпиутертә технологиақәа ралагалара   адгылара аиҭон.  Иара еиқәиршәаз апрограмматә еиқәыршәара атипографиа, акартографиа, арратә ус, уҳәа реиԥш иҟоу аусхкқәа  рҿы ахархәара аиуан. Адгәыр Инал-иԥа атекстқәа акьыԥхьразы реиқәыршәараан рхы иадырхәоз акомпиутерқәа рзы аԥсуа шрифт раԥхьатәи авариантқәа иреиуоу аԥиҵеит. Адгәыр Инал-Иԥа инаука-ԥышәатә дыррақәа иара хаҭала раԥхьатәи амшқәа  рзы Ацҳа Ҟаԥшь азааигәара аӷа иҿагылара инадыркны активла дызлахәыз 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан ахархәара роуит. Анаҩс Адгәыр Гәымсҭатәи афронт аҿы Мушьни Хәарҵкьиа икомандаҟаҵарала аотриад аҿы деибашьуан. Ҳаамҭазтәи абџьар ӷәӷәала иҟаз адефицит аан Адгәыр идыррақәа акырӡа ацхыраара ҟанаҵон.  Иара Мушьни Хәарҵкьиа дицны рнапала абџьарқәа рыхкқәак раԥҵара азы агәҭакқәа рыман.

Акомандаҟаҵаҩ Хада В.Г. Арӡынба А. Инал-Иԥа Аԥсны амшын аҟынтәи ахьчаразы анышь-торпедақәа  рҭыжьра аиҿкааразы иаԥшьгара адгылара аиҭеит. Убри хықәкыс иҟаҵаны, ҷыдала аусуратә гәыԥ аԥҵан. Уи анапхгаҩыс дҟаҵан Адгәыр Инал-иԥа.

Абҵарамза 28, 1992 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр Идҵа  №99 инақәыршәаны, арадионыҟәцаратә анышь-торпедақәа раԥҵара азы агәыԥ шьақәырӷәӷәахеит.  Ԥыҭрак ашьҭахь ари агәыԥ иалалеит 10-ҩык ауаа. Адгәыр Инал-Иԥа хаҭала иҟаиҵаз аҳасабыркрақәа рышьаҭала зрадиус ф-километрак рҟынӡа инаӡо аӷа аӡхыхьтәи ацәҟьа алашьҭра зылшо анышь-торпеда раԥхьатәи аԥышәатә модельқәа аԥҵан, иара убас аԥышәарагьы иахган.   Анышьқәа рԥышәара Пицунда ақалақь, анаукатә Центр «Касатка»  аҿы, иара убас Афон Ҿыц, уҳәа қәҿиарала имҩаԥысит. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны Адгәыр Мрагыларатәи афронт ахь абџьари аџьаԥҳани рыиагара азы арадионыҟәцаратә ашхәаԥс аԥҵара азы аҵәаӷәанҵақәеи аҳасабыркрақәеи еиқәиршәеит. Игәыԥ иалахәыз дрыцны Адгәыр Инал-Иԥа  Тамшьтәи адесант аӡхыҵра аоперациа аныпхгараҭара далахәын. Адгәыр Инал-Иԥеи уи игәыԥи иаԥырҵаз аибашьратә бџьар аҟазаара аӷа иҿагылареи иаанкылареи амшын аҟынтәи аԥснытәи аҟәара ахьчареи рзы акыр зҵазкуа   акакәны иҟан.  

Адгәыр Шьалуа-иԥа Инал-Иԥа цәыббрамза 18, 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәраан  дҭахеит.

1995 шықәсазы Аԥсадгьыл ахьчараан иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы Адгәыр Шьалуа-иԥа Инал-Иԥа ԥсрашьҭахь Леон Иорден ианашьахеит.

Адгәыр Инал-Иԥа дравторуп, иара убас ацавторс дыҟоуп 17- рҟынӡа инаӡо анаукатә усумҭақәа.  

 

*** Адгәыр Инал-Иԥа  иҩызцәа ргәалашәарақәа аҟынтәи.

Адгәыр иҩыза гәакьа Ахра Бжьаниа иажәақәа рыла, «Адгәыр еиԥш иҟоу ауаа ирыбзоураны иагьа хыԥхьаӡаралеи бџьарлеи деиҳазаргьы аӷа иааира алзыршо, блала иумбо, акыр иӷәӷәоу, ауаажәларра злеибарку абаҩ шьақәгылоит».

Баҭал Бжьаниа: «Иналукааша аинтеллигентцәа, аҭҵааҩцәа, апатриот иашақәа – Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥеи Мира Константин-иԥҳа Хотелашвили рҭаацәараҿы иааӡаз – Адгәыр даныхәыҷыз аахыс илалеит анаҩс ихаҭара шьақәзыргылаз зеиӷьаҟам аҟазшьақәа. Аха уи илан аӡәы диламҩашьо дҟазҵоз, ажәала ус зыӡбахә аҳәара уадаҩу ааӡара ҟаимаҭ, аамсҭашәара. Уамашәа иҟаз, аԥсҭазаараҿы зеиԥш аламала иуԥымло ауаҩы. Уи иааџьоушьаша аԥхарра иҵан, иара убри аамҭазы аҵара ду змаз, ганрацәала ахара ихәыцуаз уаҩын… Ихы инаркны ишьапаҟынӡа игуманистны иҟаз иара иалихыр акәын имҩа. Ус иагьыҟаиҵеит. Аҵыхәтәанӡа дагьацәхьамҵӡеит иалихыз амҩа.  Иԥсадгьыл, иҭаацәа, иҩызцәа рыхьчара, аиашареи ахақәаиҭреи иреиҳаӡоу аинтересқәа рыхьчара иазкхеит уи иԥсҭазаара кьаҿ аҵыхәтәантәи ашықәс».  

Аибашьра раԥхьатәи амзқәа рзы Адгәыр Инал-Иԥа адронқәа раԥҵара азы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра арра-техникатә гәыԥ напхгара аиҭо далагахьан. Аблокада шыҟазгьы, Адгәыр ила иаԥҵан, еиқәыршәан, ахархәарагьы аҭан усҟантәи аамҭазы ԥыхьатәи Асовет Еидгыла атәылақәа рыр аҿы уаҳа џьара иуԥымлоз арратә техника.

Адгәыр иԥсҭазаараҿы аҩызцәа иҷыдоу аҭыԥ ааныркылон. Баҭал Бжьаниа, Ахра Бжьаниа, Баҭала Кобахьиа, анаҩс Адгәыр Инал-иԥагьы Мушьни Хәарҵџьиеи аиҩызара рыбжьалеит. Дара аибашьра ҟалаанӡа Мушьни Хәарҵкьиа имҩаԥигоз ажратә ҭҵаарақәа иаҭаауан. Урҭ еицны иара убас аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рзы алицеи аартра ргәы иҭан.  Русқәеи рыгәҭакқәеи рылацәажәара аиҩызцәа бзиа ирбон аҟәатәи акаҳуажәырҭа «Амра» аҿы. Адгәыр Баҭал Кобахьиа илаз аиҭаҳәаҩ ибаҩхатәра даара пату ақәиҵон.  

Баҭал Кобахьиа: «Уи ахаангьы, ушьҭахьҟа акгьы зымҳәоз, ацәгьа згәы иҭазымкуаз, узымҭиуаз ауаҩы иаша, ауаҩы цқьа иакәын. Убри аан иара хьаҳәхьачара издыруамызт, згәаанагара џьбараз хаҵан. Цәыббрамза 17 рзы иареи сареи аҵх зегьы «бетонка» ҳәа изышьҭоу аԥыԥшырҭа аҿы иаҳхаагеит. Исгәалашәоит сышиазҵааз: «Адгәыр, избан уара? Уара акыр зҵазкуа, ҳара ҳзы ихымԥадатәиу аусқәа урҿуп, избан зегьы кажьны еибашьра узцаз? Иара аҭакс ус ҿааиҭит: «Исоуҳәондаз, уара узеибашьуеи нас?» Аиаша шәасҳәап, усҟан иасҳәара сҿыҵамшәеит.  

Цәыббрамза 18 рзы иара данырхә, сара соуп ахәышәтәырҭахь игара зықәшәаз, аха иара снапаҿы аԥсра даҿын, иааигәара убасҵәҟьа ихәыз, жәафшықәса заҵәык зхыҵуаз арԥыс дышьҭан, уи ахьаа аҟынтәи дуазыруан.  Сара уи иҽаанкыланы дӡырҩларц иасҳәеит, иара аҭак ус иҳәеит: «Иара дзыԥсуеи, сара сыԥсыр еиӷьын. Иара ԥшьымш ракәын дахьҳацыз, аха ҳара аҿар шаҟа ирацәаны ҳзеиҭаҳәара дахьӡазеи. Избан ас еиԥш иҟоу ауаа зыԥсуа, урҭ рыԥсы ҭазароуп».

 

 

 

 


Read 158 times - Аԥшьаша, 21 Цәыббра 2023 11:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.