АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2023

Цәыббрамза 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит X Жәларбжьаратәи арт-фестиваль «Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа».

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 25 азы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы иаатуеит X Жәларбжьаратәи арт-фестиваль «Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа».  

Ари афестиваль Аԥсны акультуратәи ауаажәларратәи ԥсҭазаара аҿы шьҭа традициала имҩаԥысуа усмҩаԥгатәны иҟалеит.

««Афестиваль амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – ашәҟәыԥхьара, ашәҟәқәа, алитературатә ҟазара аиҳарак аҿар реилазаара аҟны апропагандеи апопулиаризациеи; аинтеллектуалтә ҿиара азы зегьы раасҭа иманшәалоу иақәнагоу аҭыԥ аҳасабала абиблиотекақәа  рпопуляризациа», - ҳәа иаҳәоит апресс-релиз аҿы. 

Ари ахықәкы анагӡара азы Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи афестиваль алахәхаразы радыԥхьалара иазкны Арт-фестиваль аҿы еиуеиԥшым аформақәеи аметодқәеи ахархәара роуеит, акультура, аҟазара, ажәлар рҟазара иадҳәалоу еиуеиԥшым ажанрқәа рыдгалара азы афестиваль аҵакырақәа быжьба еиҿкаахоит.

«Афестиваль апринцип хадақәа ируаку уи ашьақәгылашьеи аиҿкаареи алахәылацәа рзы еиԥш аҭааҩцәа рызгьы имарианы аилкаара алыршара, арманшәалара. Афестиваль рхы аладырхәыр алшоит уи азы агәазыҳәара шрымоу азы аиҿкааратә комитет ахь азыҳәамҭа алазҵаз зегьы.

Аусмҩаԥгатә амҩаԥгара аамҭа: асааҭ 12:00 инаркны асааҭ 21:00 рҟынӡа.  


Read 187 times - Аҩаша, 19 Цәыббра 2023 19:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.