Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы ақәҵарақәа ҩба рыпроектқәа ирыхәаԥшит:,
– «Аԥсны Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа жәажәижәаба шықәса ахыҵра – цәыббрамза 30, 2023 шықәса инамаданы амнистиа рылаҳәара азы»
– ««Аԥсны Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа жәажәижәаба шықәса ахыҵра – цәыббрамза 30, 2023 шықәса инамаданы амнистиа рылаҳәара азы» Аԥсны Жәлар Реизара -Апарламент Ақәҵара анагӡара алыршара азы».
Аилацәажәара адепутатцәа рнаҩс иалахәын Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Нарманиа.
Аилатәара иалахәыз ақәҵарақәа рыпроектқәа инацҵаны рыхәаԥшреи хара имгакәа апарламенттә Еилакы ахь рлагалақәа рынашьҭреи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.