АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2023

Атәым мазара зӷьычыз ҩыџьа ауаа аанкылоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭа аусзуҩцеи Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша  аоперативтә усзуҩцәеи атәым мазара аӷьычраҿы игәҩароу Дранда аҳабла инхо Лагәлаа Џьано Оҭар-иԥа дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.   

Џьано Лагәлаа Маҷара ақыҭан асасааирҭатә ҩны дыҩналаны, ҩ-фотоаппарати  ԥарала 5400 мааҭи ӷьычны дыбналеит.

Џьано Лагәлаа иҟаиҵаз ацәгьоура азы дҿақәшаҳаҭхеит, иигаз амазара имхуп.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 155, ахәҭа 3 инақәыршәаны ихацыркыз аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны аус аилыргара мҩаԥнагоит Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа.  Ацәгьоураҿы игәҩароу аҩнытә баандаҩтәра изалхуп.

 

Очамчыра ақалақь аҿы инхо, 1996 шықәсазы ииз Нарманиа Рамаз Ҭенгиз-иԥа амазаратә ҟазшьа змоу ацәгьоуразы дыгәҩароуп.  

Аусеилыргара аматериалқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Нарманиа Рамаз Ҭенгиз-иԥа аԥенџьыр асаркьа ԥҽны аҩны дыҩналаны ахьымаҭәеи анапы иахарҵо асааҭи «Apple» иӷьычит. Убри ала иара дызцәӷьычыз 219 нызықь мааҭ рҟынӡа азарал лиҭеит.

Амилициа аусзуҩцәа иарбоу ацәгьоураҿы игәҩароу ахаҵа Аҟәа ақалақь аҿы даныркылеит.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 155 ахәҭа  4, ап. "б" инақәыршәаны ихацыркыз аусеилыргара мҩаԥнагоит Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәшеиҵа. Рамаз Нарманиа  аусеилыргаанӡатәи аԥхьаырҭа ахь днагоуп. 


Read 115 times - Ахаша, 20 Цәыббра 2023 13:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.