АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2023

Аиааира Амш азы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ихантәаҩрала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵара азы Акомиссиа аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа еиқәыршәаны ишьақәнарӷәӷәеит.  

Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп   аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирылаху 20 инареиҳаны ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәеи рхаҭарнакцәеи.

 

Цәыббрамза  27 рзы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыплан:

Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша Амемориал, асааҭ 09:00 рзы – ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит;

Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩа, аҩ.№ 11, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада, асааҭ 13:00 рзы – ацәыргақәҵа «Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира аиубилеи»;

Аҟәа ақалақь, Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа, асааҭ 17:00 рзы – аныҳәатә концерт «Аҟәа»;

Цәыббрамза 30 рзы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыплан:

Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу Амемориал аҿы асааҭ 09:00 рзы – ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа, Алада Ешыра ақыҭан Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара – асааҭ 10:00 рзы;

Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы, асааҭ 11:00 рзы – арратә парад;

Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа, асааҭ 15:00 рзы – Басла аӡиас ихҵоу ацҳа аартра ацеремониа мҩаԥгахоит;

Аҟәа ақалақь, Амҳаџьарра Рыԥшаҳәа, асааҭ 14:00 рзы – аԥсуа иашҭа-игәара «Аҟәа ашҭа»;

Аҟәа ақалақь, астадион «Динамо», асааҭ 20:00 рзы – Аиааира агара Амши Ахьыԥшымреи рымшныҳәа 30- шықәса ахыҵра иазку атеатралтә қәгылара;

Аҟәатәи ашьха, асааҭ - 21:30 рзы – аныҳәатә салиут мҩаԥгахоит.  


Read 176 times - Ахаша, 20 Цәыббра 2023 14:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.