АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2023

Зыкапан 120 грамм рҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит иагьимырхит Узбекьысҭан атәылауаҩ.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Узбекьысҭан атәылауаҩ Иусупов Муҳаммад Худоиназар-угли идырбалеит иагьимырхит икристалху анаркотиатә маҭәашьар.  Аекспертцәа ишышьақәдыргылаз ала, Муҳаммад Иусупов иҵәахны иман 117,783 грамм рҟынӡа инаӡо «метадона» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭашьар. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсышәалагьы аурысшәалагьы изымцәажәо Узбекьысҭан атәылауаҩ Муҳаммад Иусупов аиҭагаҩ ицхыраарала еиҭеиҳәеит аԥара арҳара мацара хықәкыс ишимаз.

Аҟәа ақалақь аҿы Муҳаммад Иусупов иҭаацәеи иареи аамҭала иахьаанкылаз аҭыԥ аҿы имҩаԥгаз аимдараан, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аихшаратә материали аелектронтә капангеи рыԥшааит.   

Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа иахьаҵанакуа иаанкылаз Муҳаммад Иусупов ихаҭа далархәны имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан, ацәгьоураҿы игәҩароу хаҭала иаирбаз имаӡоу аԥхьакырҭақәа рҿы иԥшаан икристалху анаркотиатә маҭәашьар.   

Муҳаммад Иусупов хаҭала игәаҭараан идырбалаз, анаҩс имырхыз, иара убас аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгарақәа раан иара хаҭала иаирбаз маӡала иҟаҵоу аԥхьакырҭақәа рҿы ирыԥшаази анаркотикатә маҭәашьар иааизакны рыкапан 119,108 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Муҳаммад Иусупов Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоураҿы дыгәҩароуп. Араҟа излацажәо ҷыдала зыкапан дуу (119,108 грамм рҟынӡа инаӡо) анаркотикатә маҭәашьар «метадон», анаҩс аҭира гәҭакыс иҟаҵаны, аахәареи аҵәахреи аиагареи ирыдҳәаланы иҟалаз ацәгьоура ауп.

Мухаммад Иусупов аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп. Аусеилыргара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа аусеилыргаратә ҟәша.


Read 167 times - Ахаша, 20 Цәыббра 2023 14:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.