АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ажьырныҳәа.2023

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АНАПХГАРА АУААЖӘЛАРРАТӘ АВИАЦИА АУСХКЫ ИАДҲӘАЛОУ АЗАНААҬҚӘА РЫЛА АҴАРАИУРҬАҚӘА РҾЫ АҴАРАЗЫ АԤСНЫ 32 КВОТА АЗОУНАЖЬИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аекономика Аминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ауаажәларратә авиациа аусхкы иадҳәалоу азанааҭқәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы 2023/2024 шш. аҵарашықәс азы аҵаразы Аԥсны  32 квота азоунажьит ҳәа адырра ҟарҵоит.

Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиуразы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ахь адҵаалара ахәҭоуп. (ақ. Аҟәа, аинрал Дбар имҩа, аҩ.№ 3, 2-тъи аихагыла, аофис 326, аимадаразы аҭел: (+7 840) 223-33-53, (+7 940) 730-09-90, электронная почта: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. , Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. ).

Актуалра злоу аинформациа зегьы аиура ҟалоит иара убас ателеграм-канал: «Учеба в РФ. Абхазия» t.me/edu__rf_Abh, иара убас асоциалтә каҭақәа «Русский дом в Абхазии» ала.


Read 169 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.