Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. 2022 шықәсазы Атәанчаҩратә фонд аганахьала атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа ршәара азы иазоужьхеит 1 млрд. 276 млн. 933,5 нызықь мааҭ, уи 2021 шықәса рзы иҟаз арбагақәа раасҭа 76 млн. 513,5 нызықь мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.
«2022 шықәса азы Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахь абгаԥсатә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 1 млрд. 200 млн. 54,5 нызықь мааҭ, уи 2021 шықәса азы аасҭа 161 млн. 556,2 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәа реицҵалыҵ 160 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәса азы иҟаз адыррақәа рыла, атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауоз рхыԥхьаӡара 49 528-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1 011-ҩык рыла еиҳауп», – ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.
Ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәса азы иҟаз адыррақәа рыла, атәанчахәы ахь ацҵақәа зауаз рхыԥхьаӡара 11 845-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1 617-ҩык рыла еиҳан.
«2022 шықәсазы атәанчахәқәа рахь ацҵақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 307 млн. 682,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 99 млн. 670 нызықь мааҭ рыла еиҳауп», – ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.
Афонд анапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ашәатәқәа рыцҵара жьҭаарамза 1, 2021 шықәса азы 10 категориак иаҵанакуа атәанчахәқәа рахь ацҵақәа рыцҵара ауп изыдҳәалоу.
«Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә фонд 2022 шықәса азы иазыԥҵәоу аҽҳәара иахымгакәа ианаамҭоу атәанчахәқәа ршәара алнаршеит», – ҳәа иҳәеит иара.
«2021 шықәса алагамҭазы ашәатәқәа ршәара аганахьала мызкы еиҳаны аиҵахара ыҟан, 2021 шықәса ахь ииасыз ауал аицҵалыҵ - 97 млн. 50,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон. 2022 шықәса алагара азы ашәатәқәа ршәара аганахьала мызкы еиҳаны аиҵахара ыҟан, 2022 шықәса ахь ииасыз ауал азеиԥш еицҵалыҵ – 47 млн. 570,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон», - ҳәа иазгәеиҭеит Денис Гәылариа.
2022 шықәсазы Атәанчаҩратә фонд абгаԥсатә шәатәқәа раҳасабала алагалақәа реизырҳара иабзоураны аҳасабала иазыԥҵәоу аҽҳәара иахымгакәа ианаамҭоу атәанчахәқәа ршәара алнаршеит. Уи Денис Гәылариа иажәақәа рыла, 2021 шықәса азы еиԥш 2022 шықәсазгьы аекономикатә активра шыҟаз арҵабыргуеит.
Атәанчаҩратә фонд аҿы 2023 шықәсазы алҵшәа бзиақәа аарԥшхап ҳәа агәыӷра рымоуп.
2023 шықәса рзы Афонд абиуџьет 1 млрд. 480 млн. 308,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 2022 шықәса рзы иҟаз Афонд абиуџьет аасҭа 174 млн. 292,1 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.
«Ажьырныҳәамза 24 рзы зеицҵалыҵ 104 млн. 356,9 ажьырныҳәамзазтәи атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа зегьы рфинанстәра мҩаԥгахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.