АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ажьырныҳәа.2023

АКУЛЬТУРА АМИНИСТРРА АКОЛЛЕГИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АНСАМБЛЬ УАСИЛ ЦАРГӘЫШ ИХЬӠ АХҴАРА ИАДГЫЛОИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акульутура аминистр Даур Ақаҩба ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны акультура Аминистрра аколлегиа аилатәара.

Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аколлегиа аилатәара аҿы иахәаԥшит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль зыхьӡ нагоу аколлектив 50 шықәса инареиҳаны напхгара азҭоз Уасил Михаил-иԥа Царгәыш ихьӡ ахҵара азы иаашьҭыз азыҳәаратә шәҟәы.

Аколлегиа алахәылацәа зегьы еицҿакны «Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль Уасил Михаил-иԥа Царгәыш ихьӡ ахҵара азы рыбжьы рҭиит.  Иара убас Уасил Михаил-иԥа Царгәыш дахьынхоз  аҩны (01.02.1938 - 28.01.2021 шш.) аҿы агәалашәаратә ӷәы  ашьақәыргылара азы аҳҭнықалақь Ахадареи Аҟәа ақалақьтә Еизареи рахь азыҳәамҭа адәықәҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аколлегиа алахәылацәа  «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист», «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьара азы иаашьҭыз азыҳәаратә шәҟәқәа ирыхәаԥшит.

Аколлегиа алахәылацәа акультуреи аҟазареи рыҿиара, традициа ишьақәгылахьоу адоуҳа-цәаҩашәатә хәдуқәа реиқәырхареи рыҿиареи акультура аусхкы ала аҳәынҭқарратә политика анагӡареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.


Read 191 times - Амҽыша, 12 Жәабран 2023 21:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.