АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ажьырныҳәа.2023

2022 ШЫҚӘСАЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АБИУЏЬЕТ АНАГӠАРА АХАШӘАЛАХӘҚӘА РЫЛА 1,62 МЛРД. МААҬ, АНЫХТӘҚӘА РЫЛА – 1,55 МЛРД. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠОИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аԥшьаша, ажьырныҳәамза 26 рзы, 2022 шықәсзы инагӡаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысыз аилатәара аҿы аҳасабырба ҟаҵо дықәгылеит.

Аԥсны аҳҭнықалақь аҵакыра –  27 кв. км. рҟынӡа инаӡоит, амшынхықәтә цәаҳәа – 20 км. рҟынӡа инаӡоит.

2011 шықәсазы имҩаԥгаз ауааԥсыра ашәҟәы рынҵара  ала Аҟәа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара – 65 300 - ҩык рҟынӡа инаӡоит, фактла инхо  – 75 000-ҩык инарзынаԥшуеит.

Аҳәынҭстандарт адыррақәа рыла, аусура зылшо ауааԥсыра – 38 500 - ҩык.

Ашколхәыҷқәа  –  9 110 - ҩык, ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа – 2 178 - ҩык. 

Аҟәа ақалақь аҿы инхоит 11 435-ҩык атәанчаҩцәа,  урҭ рахьынтә 8 457-ҩык аԥснытәии урыстәылатәии атәанчахәы роуеит.   

Аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп 1 269 аиуристтә хаҿқәа, уаҟа аус руеит 8 130-ҩык аусзуҩцәа; хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа – 3 826-ҩык.

Зынӡа Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа рхыԥхьаӡара – 19 971-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи аусура зылшо ауааԥсыра рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи процентла ишьҭухуазар 52% рҟынӡа инаӡоит. Арҭ арбагақәа хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа рхыԥхьаӡара алагалаӡам. Хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа рхыԥхьаӡара алаҵаны уахәаԥшуазар, иааизакны аҳҭнықалақь аҿы аусура зылшо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 62 % рҟынӡа инаӡоит.  

Иҟоу адыррақәа рыла, Аҟәа ақалақь аҿы 2022 шықәсазы  ауааԥсыра ирызшәахоз абжьарамызтәи аулафахәы 17 932 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҳҭнықалақь абиуџьеҭ анагӡара.

2022 шықәсазы ирыдыркылаз Аҟәа ақалақь абиуџьет 1 млрд. 260 млн.700 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. (уахь иаҵанакуеит: ахатәы хашәалахәқәа –  1 млрд 178  млн. 400 нызықь мааҭ; ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәа – 10 млн. мааҭ; асоциалтә блок аулафахәы ашәара азы асубсидиа – 72,3 млн  мааҭ).

2022 шықәса иалагӡаны Аҟәа ақалақь абиуџьет аиҭакрақәа алагалахон:  абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 186,8 млн. мааҭ рыла иацҵан, уи 1  млрд. 447  млн. 500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  (уахь иаҵанакуеит:  ахатәы хашәалахәқәа – 1 млрд. 236 млн. 400 нызықь мааҭ; адотациа  – 13,5 млн. мааҭ; асубсидиақәа  – 92,3 млн. мааҭ; Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи алагалақәа –  103,3 млн. мааҭ, аминистрцәа Реилазаара арезервтә Фонд аҟынтәи –  2 млн. мааҭ).

Ажьырныҳәамза 1, 2022 шықәса рзы  117,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо   еиҭаҵуа ацәынха ала абиуџьет аныхтә хәҭа аизырҳара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

Убас ала, 2022 шықәсазы ақалақь абиуџьет ахашәалахәқәа рыла 1 млрд. 447 млн.  500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, аныхтәқәа рыла   – 1 млрд . 565  млн. 100 нызықь мааҭ.

Ашықәс аихшьаалақәа рыла абиуџьеҭ иалагалахеит 1 млрд. 619  млн. 700 нызықь мааҭ, урҭ рахьынтә ахатәы хашәлахәқәа  1 млрд. 408 млн.  600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, даҽакала иуҳәозар, иазԥхьагәаҭаз рҟынтәи   114%. Аулафахәы аицыфинанстәра азы асубсидиақәа раҳасабала ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иалагалаз абиуџьетбжьаратәи атрансферқәа 92 млн. 328,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, адотациақәа – 13  млн. 499 нызықь мааҭ. Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи иалагалахеит  103 млн.  300 нызықь мааҭ.  Уахь иаҵанакуеит:

Аԥхынра, 2021 шықәсазы иҟалаз аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыхҟьаны зынхарҭақәа ааха зауз ауааԥсыра аматериалтә цхыраара рыҭара азы (420 ҭыӡҭыԥ) –  59 млн. 669,2 нызықь мааҭ;

Аԥсабаратә цәырҵра (ԥхынгәымза 4, 2021 шықәса рзы иҟалаз афырҭын) ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы  –  43 млн 586,8 нызықь мааҭ. Аминистрцәа Реилазаара арезервтә Фонд аҟынтәи Аҟәатәи Автотранспорттә Наплакы азы иаашьҭын миллион мааҭ.

Ашәахтәқәа.

Ашәахтәқәа рыхкқәа рыла аплантә рбагақәа рынагӡара:

Иҷыдоу ашәахтә – 114,1%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -  71  млн 908,8 нызықь мааҭ;

Апатенттә шәахтә – 120,1%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 6  млн. 604 нызықь мааҭ;

Амазара азы ашәахтә – 129,5%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 45  млн. 324 нызықь мааҭ;

Ахашәалахәы азы ашәахтә – 112,9 %, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -  524  млн. 542,8 нызықь мааҭ;.

Ахашәалахәытә шәахтә – 114,8%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -  678 млн. 228,2 нызықь мааҭ;.

Адгьылтә шәахтә – 100,8%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 20 млн. 459,1 нызықь мааҭ;

акцизқәа – 151,7%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 55 млн. 452,5 нызықь мааҭ. 

2022 шықәсазы абиуџьет аныхтә хәҭа анагӡара  99,3% рҟынӡа инаӡеит. 1 млрд. 565 млн. 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо аплан аан 1 млрд. 553  млн. 800 нызықь мааҭ афинанстәра мҩаԥган:

Ахадара Аппарат – 99,3%. Аҟәатәи ақалақьтә Еизара – 99,7%.

Агәабзиарахьчара – 99,4%.

Аҵарадырра – 100,0%.

Акультура – 96,9%.

Асоциалтә еиқәыршәара – 99,0%.

Афинансқәа Русбарҭа– 99,5%.

Аконтрол-ревизиатә Усбарҭа (КРУ) – 83,5%.

Арезервтә фонд – 97,1%.

Аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа – 97,0%.

Аветеринариа – 98,7%.

Асанитар-епидемиологиатә Станциа – 96,1%.

Аҩнусбарҭақәа (№№ 1, 2, 3, 4 и 5) – 96,0%.

Атехникатә инвентаризациа Абиуро (БТИ) – 79,8%.

Ақалақьтә ргылара апроект Аусбарҭа – 99,6%.

Ақалақьтә маҵзура  – 100,0%.

Аинвестпрограмма.

2020 – 2022 шш.  Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы абарҭ аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахеит:

  1. Ешыратәи аӡхагаларҭа аҟынтәи Даӷьсҭанаа рымҩа ала иҟоу амкьаҭ аҟынӡа амагистралтә аӡымҩангага ашьақәыргылара. (анардкылаҩ – Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылара», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 144 млн. 905 нызықь мааҭ). Анагӡара – 99% рҟынӡа инаӡоит. (акаҭран ашьҭаҵара аанханы иҟоуп).
  2. Ешыратәи аӡхагаларҭа аҟынтәи Гәлиа имҩа аҟынӡа амагистралтә аӡымҩангага ашьақәыргылара. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 150 млн. 934 нызықь мааҭ). Анагӡара – 99% рҟынӡа инаӡоит. (акаҭран ашьҭаҵара аанханы иҟоуп).
  3. Абазаа рымҩаҿы арҩаршьҭатә црыҵмҩангага шьҭарҵеит. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 27 млн. 753 нызықь мааҭ). Анагӡара – 100% рҟынӡа инаӡоит.
  4. Гәлиа имҩаҿы арҩаршьҭатә црыҵмҩангага шьҭарҵеит. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Амҩатә аргылара-еиҭашьақәыргыларатә Усбарҭа», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 19 млн. 249,8 нызықь мааҭ).  Анагӡара - 100% рҟынӡа инаӡоит.
  5. Џьонуа имҩаҿы арҩаршьҭатә црыҵмҩангага шьҭарҵеит. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 39 млн. 453 нызықь мааҭ. Анагӡара - 100% рҟынӡа инаӡоит.

6.Џьонуа имҩаҿы аӡымҩангагеи ацрыҵмҩангагеи реиҭашьақәыргылара мҩаԥган. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит  – 16 млн. 999 нызықь мааҭ.  Анаӡара 100% рҟынӡа инаӡоит.

7.Абазаа рымҩаҿы аӡымҩангагеи ацрыҵмҩангагеи реиҭашьақәыргылара мҩаԥган. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 6 млн. 608 нызықь мааҭ. Анагӡара  100% рҟынӡа инаӡоит.

  1. Гәлиа имҩала аӡымҩангагеи ацрыҵмҩангагеи реиҭашьақәыргылара мҩаԥган. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 16 млн. 494 нызықь мааҭ. Анагӡара 100% рҟынӡа инаӡоит.
  2. Гәмаа рымҩа ала аӡымҩангагеи ацрыҵмҩангагеи реиҭашьақәыргылара мҩаԥган. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 9 млн. 341 нызықь мааҭ. Анагӡара 100% рҟынӡа инаӡоит.
  3. Абазаа рымҩа акаҭран ақәҵара мҩаԥган. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Амҩатә аргылара-еиҭашьақәыргыларатә Усбарҭа», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 9 млн. 398 нызықь мааҭ. Анагӡара 100% рҟынӡа инаӡоит.
  4. Гәлиа имҩа акаҭран ақәҵара мҩаԥган. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Амҩатә аргылара-еиҭашьақәыргыларатә Усбарҭа», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 26 млн. 578 нызықь мааҭ. Анагӡара 99% рҟынӡа инаӡоит. (Ахаҳәцәы ақәҵара ауп иаанханы иҟоу).
  5. Џьонуа имҩа акаҭран ақәҵара мҩаԥган. (анардкылаҩ – Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Амҩатә аргылара-еиҭашьақәыргыларатә Усбарҭа», апроект ахарџьынҵа ала иақәхарџьхеит – 27 млн. 669 нызықь мааҭ. Анагӡара 90% рҟынӡа инаӡоит (ахаҳәцәы ақәҵара аанханы иҟоуп).

13.Аизшагақәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара мҩаԥган. Уи иақәхарџьхеит  – 57 млн. 021 нызықь мааҭ. Анагӡара 100% рҟынӡа инаӡоит.

  1.  Астанциеиҵа «Аҟәа-1» шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иақәхарџьхеит – 21 млн. 726 нызықь мааҭ. Анагӡара 100% рҟынӡа инаӡоит.
  2. Басла аӡиас аҿы аӡхыҵрацәыхьчаратә усмҩаԥгатәқәа (2-тәи аетап) иақәхарџьхеит – 5 млн. 968 нызықь мааҭ. Анагӡара 100% рҟынӡа инаӡоит.

Иааизакны, 2020 – 2022 шш. Аинвестициатә   Программа ала Аҟәа иазоужьын 580 млн. мааҭ.

2023 – 2025 шш. Аинвестициатә Программа ала иазԥхьагәаҭоуп Коӷониеи Басариеи рымҩақәа аиҭашьақәыргылареи, иара убас Воронов имҩеи Лакоба имҩа аҟынтәи амшын аԥшаҳәа аҟынӡа амҩақәа реиҭашьақәыргылара.  

Иарбоу амҩақәа ашьаҟамҩатә хаҳәцәыла рычаԥара, иара убас 2020 – 2022 шш. Аинвестициатә Программа  аҳәаақәа ирҭагӡаны  еиҭашьақәыргылаз Абазаа, Гәлиа, Џьонуа амҩақәа рҿы ахаҳәцәы ақәҵара азԥхьагәаҭоуп.

Иазԥхьагәаҭоуп иара убас Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара.

 

 


Read 186 times - Амҽыша, 12 Жәабран 2023 21:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.