АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ажьырныҳәа.2023

АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛА ВАЛЕРИ АМАРШЬАН ИИУБИЛЕИ ИДЫРНЫҲӘАЛОИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла  Аидгыла алахәыла,  агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист  Валери Амаршьан ииубилеи идырныҳәалоит.

***    «Акыр иаԥсоу Валери Џьота-иԥа!

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла гәык-ԥсыкала  ишәыдырныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра!

Шәара аԥсуа культура, лымкаала аԥсуа кьыԥхь, лҵшәабзиала амаҵ азыжәуеит. Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», нас «Аԥсны» аредактор ихаҭыԥуаҩыси, аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыси аус шәуеижьҭеи акыршықәса ҵуеит.

Шәара, шәџьабаа азгәаҭаны ишәанашьоуп «Ахьӡ-аԥша» аорден III –тәи аҩаӡара, иара убас Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист ҳәа Аҳаҭыртә хьӡы шәыхҵоуп.

Акыр иаԥсоу Валери Џьота-иԥа! Аԥсны ажурналистика знапы алаку зегь рыхьӡала шәиубилеитә ныҳәа шәыдныҳәало, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, ажәабжь бзиақәа.

Аԥсны ажурналистцәа  Реидгыла ахантәаҩы   Ҳашыг Р.М. », – ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг инапы зҵаиҩыз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

 


Read 187 times - Амҽыша, 12 Жәабран 2023 21:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.