АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ажьырныҳәа.2023

АЖУРНАЛИСТ ВАЛЕРИ АМАРШЬАН - 80 ШЫҚӘСА ИХЫҴИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 27 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Валери Џьота-иԥа Амаршьан ихыҵит 80-шықәса. Уи иҳаҩсыз ашәышықәса хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы аусура далагеит. Хынҩажәа шықәса уи иԥсҭазаара агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», анаҩс агазеҭ «Аԥсны» аредакциақәа рҿы аус аура иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.

Акыр шықәса инеиԥынкыланы Валери Амаршьан аредактор хада инапынҵақәа наигӡон, иахьа уи агазеҭ «Аԥсны» аредакциа  аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩыс аус иуеит.

Валери Амаршьан  ­ хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа, аочеркқәа, Аԥсны аԥсҭазаара иадҳәалоу еиуеиԥшым атемақәа рыла аессе дравторуп.

Валери Амаршьан -  «Ахьӡ-Аԥша» ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп.  

Апсныпресс ажурналистцәа рколлега ииубилеи идырныҳәало агәабзиара, агәыцқьара, аԥсуа ишықәснҵыра дууи арҿиаратә усуралшареи изеиӷьаршьоит.  


Read 228 times - Амҽыша, 12 Жәабран 2023 21:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.