АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ажьырныҳәа.2023

АЛЕКО ГӘАРАМИА МОСКВАТӘИ АУНИВЕРСИТЕТ АԤҴАРА ИАЗКУ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА ИХЫ АЛАИРХӘИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа, М.В.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет (МГУ) аректор иааԥхьарала, ажьырныҳәамза 25 Татиана Лымш ҳәа изышьҭоу амш аҽны иазгәарҭо Москватәи Ауниверситет аԥаҵара Амш инамаданы имҩԥгаз Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәхит.  Ари амш иара убас астудентцәа рныҳәамш ҳәа ирыԥхьаӡоит. 

Сынтәа Москватәи Ауниверситет 268 шықәса ахыҵит. 2005 шықәса инаркны ари арыцхә Урыстәыла официалла урыстәылатәи астудентра Амшныҳәны иԥхьаӡоуп.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин.

Москва ақалақь аҿы Алеко Гәарамиа иара убас аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит, Москватәи аҳәынҭқарратә Университет амеханикаматиматиктә факультети иреиҳаӡоу алгебра акафедреи дырҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ аинформациа аҟәша.  также провел ряд встреч, посетил мехмат факультет и кафедру высшей алгебры МГУ, сообщает отдел информации АГУ.


Read 202 times - Амҽыша, 12 Жәабран 2023 21:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.