АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ажьырныҳәа.2023

АԤСНЫ ААМҬАЛА УНЕИР АХЬЫҞАМЛО АҲАИРТӘ ҴАКЫРА ШЬАҚӘЫРГЫЛАХОИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аԥсны аамҭала унеир ахьыҟамло аҳаиртә ҵакыра ашьақәыргылара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.  

«Арратәи, мамзаргьы атеррористә ҟазшьа змоу ашәарҭарақәа рцәыхьчара хықәкыс иҟаҵаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳаиртә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  11 инақәыршәаны, аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәоит:

  1. Аԥсны аҳаиртә ҵакыра ахархәаразы Аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәара ҟалаанӡа аамҭала унеир ахьыҟамло аҳаиртә ҵакырақәаны ишьақәыргылазароуп :

- административтә хыбрақәа ркомплексқәа, адипломаттәии аконсульттәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхыбрақәа, иарбоу Ақәҵара Ацҵа инақәыршәаны аҳәынҭқаратә усбарҭақәеи аобиектқәеи рхаҿы иҟоу аҳаиртә ҵакыра. (анаҩс - аобиектқәа рсиа);

 - арратә инфраструктура аобиектқәа зегьы, арратә обиектқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара азкызаара змоу аобиктқәеи  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аобиектқәеи аҳәынҭқарратәи амобилизациатәи резерви аматериалтә мазарақәеи рышьҭаҵара ахыбрақәеи рхаҿы иҟоу аҳаиртә ҵакыра», - ҳәа иазгәаҭоуп аусшәҟәы аҟны.

  1. Аамҭала уахьнеир ҟамло аҳаиртә ҵакырақәа рхархәара, атәылауааи аиҿкаарақәеи рхы иадырхәо аԥырҩы дзықәтәам аԥырратә аппаратқәа рыла (акоптерқәа, адронқәа, уҳәа егьырҭ аппаратқәа) уахь иналаҵаны, хыхь иарбоу аобиктқәа рхыԥраара азы азин ыҟаӡам. Убри аан, ақәиҭымзаара иаҵанакӡом:

а) ас еиԥш азонақәа заԥҵаз аобиектқәа рыла иарбоу аҳаиртә ҵакырақәа рхархәара ҟалоит; Аԥсны атәылахьчара Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра русура арманшәалара азы ахархәара ҟалоит;

б) аҳәаа еилазго аҳаирпланқәеи егьырҭ аԥырратә аппаратқәеи раанкылареи, иара убас аҳәанҭқарра аинтересқәа ирызку егьырҭ аоперативтә дҵақәа рынагӡара азы аԥыррақәа рымҩаԥгара;

в) аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәеи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан ацхыраара аҟаҵареи рзы аԥыррақәа рымҩаԥгара;

г) Аԥсны Аҳәынҭарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыла аҳаиртә ӷбақәа рыла инагӡахо аԥыррақәеи аҵакырақәа рыхсаала-геодезиатә еиқәыршәара иазку аусурақәа рымҩаԥгареи иарбоу Ақәҵара инақәыршәаны аҳаиртә ҵакыра ахархәаразы заанаҵтәи ақәыршаҳаҭра аиурала адгьыл-мазаратә еизыҟазаашьақәа реиқәыршәареи рзы аусурақәа рынагӡараан аҳаиртә ҵакырақәа рхархәара.

  1. Атәылауааи аиҿкаарақәеи рхы иадырхәо пилотда иԥыруа аԥырратә аппаратқәа (акоптерқәа, адронқәа, уҳәа егьырҭ аппаратқәа) уахь иналаҵаны, рырԥырра азы азин ыҟаӡам В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза иаҵанакуа аҳаиртә ҵакыра аҿы», - ҳәа иарбоуп Ақәҵара атекст аҟны. https://km-ra.info/documents/11107

«Иарбоу Ақәҵара арратәии атеррористтәи ашәарҭарақәа рырмаҷра, Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә обиектқәеи арратә инфраструктура аобиектқәеи рыхьчара алыршара иазырхоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистрцәа Реилазаара Аппарат азинтә еиқәыршәара Аусбарҭа анапхгаҩы Андреи Гәыниа.

Ареспублика Аԥсны Аҳаиртә Закәанеидкыла анормақәа рыла, ахәҭакахьала, ахәҭаҷқәа 11, 14 инақәыршәаны, Ареспублика Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аҳаиртә ныҟәара амаҵзура азонақәеи араионқәеи амаршрутқәеи, аеродромқәа рраионқәеи иҷыдоу  азонақәеи аҳаирпланқәа рыԥырра амаршрутқәеи, унеир ахьҟамло азонақәеи, ишәарҭоу азонақәеи (аполигонқәа, арҭҟәацратә усурақәа ахьымҩбаԥысуа аҭыԥқәа, араионқәа, уҳәа), аԥыррақәа рзы иԥку азонақәа, уҳәа убас егьырҭ аҳаиртә ҵакыра аҿы аусура азы ишьақәыргылоу азонақәа алагалоуп.

Ареспублика Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аструктура аелементқәа Ареспублика Аԥсны аҳаиртә ҵакыра ахархәаҩцәа рҭаххрақәеи рмилаҭтә приоритетқәеи инарықәыршәаны аамҭала еиԥш есымшатәи аусура ашьаҭалагьы ишьақәыргылахар ҟалоит.

«еиуеиԥшывм аԥырҩыдатәи аԥырратә аппаратқәа Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара аобиектқәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рдипломатиатәии рконсултәии ахыбрақәа, арратә обиектқәа, арратә инфраструктура аобиектқәа рхыԥраара ақәиҭымтәра уахь иналаҵаны, аамҭала унеир ахьыҟамло аҳаиртә зонақәа рышьақәыргылара азы аминистрцәа Реилазаара акт аиқәыршәареи адкылареи рзы аҳаиртә закәанԥҵара ала ишьаҭарку аӡбамҭа рыдыркылеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Андреи Гәыниа.

Иарбоу аминистрцәа Реилазаара акт аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, атәылахьчара Аминистрра, аекономика Аминистрра, аиустициа Аминистрра рыҟны ақәыршаҳаҭра иахысит.


Read 312 times - Амҽыша, 12 Жәабран 2023 21:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.