АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ажьырныҳәа.2023

ЕДУАРД БЫҬӘБА ҬҞӘАРЧАЛТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬА ДАҬААИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа даҭааит.

Аминистр иарбоу амедусбарҭа аусура шымҩаԥысуа гәеиҭеит, апациентцәа дрыҿцәажәеит, ареспубликатә хәышәтәырҭа хада аусзуҩцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Ҭҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа иахьа ақалақь еиԥш араион ақыҭақәеи рҟынтәи апациентцәа рыхәшәтәа иазку аусура нанагӡоит. Ахәышәтәырҭа аҿы аус ауеит ирласу амедицинатә цхыраара астанциа. Адырра шаароулак еиԥш аҳақьымцәа еиуеиԥшым араион ақыҭақәа рахь, ашьха иаԥну ақыҭақәагьы уахь иналаҵаны, иаразнак амҩа иқәлоит. Ари ахықәкқәа рзы атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра адгылареи Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз ацхыраареи иабзоураны иҳаҩсыз ашықәс азы автомашьына ҿыц аахәан. «Ҳара ҳавтопарк аҿы амашьынақәа разымхара ӷәӷәала иаҳныԥшуеит. Иҳамоу ирласу амедицинатә цхыраара амашьына ачымазаҩ иахь ианцалак, ҳара даҽаџьара ааԥхьара ҳаур ҳазлацоз, мамзаргьы апациент иаагара азы  амашьына ҳамаӡамызт. Ҳара ари азҵаара анықәҳаргыла ашьҭахь уи ҳтәыла аԥыза-министри ҳҳәынҭқарра Ахадеи рҟынтәи иаразнак азхьаԥшра аиуит. Исымоу алшара схы иархәаны уи азы аԥыза-министри Аҳхәынҭқарра Ахадеи даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп»,- ҳәа илҳәеит Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиа. 

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба апалатақәа дрыҩнысны рҭагылазаашьа гәеиҭеит. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, ачымазцәа еиҳа лассы-лассы ирыдҵаало иалагеит, убас 2022 шықәса азы аполиклиника иаҭааз апациентцәа рхыԥхьаӡара 22 698-ҩык рҟынӡа инаӡоит.  Ахәышәтәырҭа аҿы иҟоу алагала ҿыцқәа  иреиуоуп – ацифратә рентгентә аппаратқәа. Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы ахәышәтәырҭа акорпус ҿыцқәа рҿы иажәхьоу атехника ахархәара ииашаӡам ҳәа ирыԥхьаӡеит.

«Сара даара ахә ҳаракны исшьоит шәара акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа азы шәзанааҭтә уалԥшьа анагӡараан   иаашәырԥшыз ахамеигӡара. Жәаҳәарада, ари ахәышәтәырҭа  иадҵатәу рацәоуп, уигьы хымԥада иалыршахоит. Ҳара зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны ауп ҳмедицина ԥхьаҟа агара шҳалҳаршо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр. Едуард Быҭәба аколлектив аҩныҵҟа аилибакаара шхымԥадатәиу дазааҭгылеит, иара убас т Аминистрра ари ахәышәтәырҭа аҿы ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы рыла излауа ала ацхыраара аҭара ишазхиоу азгәеиҭеит.

 

 


Read 187 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.