pressadmin-2
Гәдоуҭа ақалақь аҿы игылоу, араионтә пошьҭа, абиблиотека, ателехәаԥшра ахьыҟоу ахыбра ахыб рыԥсахраны иҟоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь агәаҿы игылоу араионтә пошьҭа, абиблиотека, ателехәаԥшра ахьыҟоу ахыбра ахыб рыԥсахраны иҟоуп.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуеит. «Ахыбра ахыб аԥсахразы иазоужьхеит 17 млн. мааҭ инареиҳаны.
Уажәы ажәытә хыб ахыхреи аҿыц ашьақәыргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәеи мҩаԥысуеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион Ахадара аинформациеи ауаажәларра рымадареи рзы аҟәша аспециалист хада Арнольд Ӡари-иԥа.
2023 шықәсазы Аԥсныҟа иалагалаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 70,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны абанктә система ала 2023 шықәсазы инагӡаз аԥаратә хархәагақәа аҳәаа наҟ-ааҟтәи реикәыршара 143 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 19,3 млрд. мааҭ (15,6%) рыла еиҳауп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Амилаҭтә Банк апресс-маҵзура.
Абанктә системала Аԥсныҟа иаашьҭыз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 70,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, атәыла иалганы ишьҭыз аԥаратә хархәагақәа рецҵалыҵ – 72,8 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2023 шықәсазы Ареспублика Аԥсны абанктә система ала аԥаратә хархәагақәа раара абас ала ишьақәгылан:
- аиуристтә хаҿқәа, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа, хазхаҭалатәи ахаҿқәа Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рҿы иаадыртыз рхыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа рахь иахыԥхьаӡалан 40,7 млрд. мааҭ;
Аԥсны Амилаҭтә Банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә Банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит. Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура.
Ари аԥараҿырпқәа 925-тәи ацқьара змоу араӡны иалхуп, иара 100х60 миллиметр иҟоуп, акапан – 351 грамм рҟынӡа инаӡоит.
Асахьаҭыхыҩ - Баҭал Џьапуа.
Аԥараҿырпы «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» асериа ала иҭыжьуп.
Харитон Агрба Ваге Сураханиан дииааит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз абокс азы атурнир RCC Boxing Promotions аҿы атехникатә нокаут ала Шәачатәи аспортсмен Ваге Сураханиан дииааит.
Харитон Агрба изы ари 13-тәи иааироуп RCC Boxing Promotions иаҵанакуа апрофессионалтә ринг аҿы. Иара абжьарабжатә капан аҿы - 65 килограмм рҟынӡа иҟоу рыбжьара дықәгылоит.
Аиԥылара 10 раундк рыла ишьақәгылар акәын, аха аабатәи араунд ашьҭахь Ваге Сураханиан мап ахьикыз иахҟьаны аиндаҭлара ҳџьынџьуаҩ иааирала ихыркәшахеит.
Роберт Киут: «Ҳара ҳусбарҭаҿы аума, иааидкыланы аҳәынҭқарраҿы аума, ҳаԥсадгьыли ҳауаажәлари ирԥырхагоу, амилаҭтә интересқәа ирҿагылоу аусура мҩаԥызго аӡәгьы дшыҟам агәра шәсыргоит».
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәара ахҳәаа аиҭеит.
Иҳаҩсыз ашықәс ҭагалан азы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа раԥхьаӡа акәны Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа иаҭааит.
«Ҳара ҳаблала иаабартә еиԥш алшара ҳаман ари амаҵзура конкретла иҟанаҵо, уи инанагӡо аусура ахықәкқәеи ахырхарҭақәеи, уи аамышьҭахь ҳара Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара хазы игоу аусура ахырхарҭақәа рыла аусеицура абжьаҵаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит аминистр.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, , Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусдырра, даҽакала иуҳәозар, акомпетенциа мацара иаҵанакуа аусура ахырхарҭақәак, Урыстәыла, Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рыбжьара еихшоуп.
«Убри инамаданы, иарбоу ахырхарҭала аԥышәа аиуреи наҟ-наҟтәи ҳусеицура ала хазы игоу азҵаарақәа аус рыдулареи рзы аҭаххара шышьақәгылаз аабаратәы ҳҟалеит. Иазгәаҭатәуп иарбоу аиҿкаареи Аԥсни уаанӡа аусеицура шрыбжьамыз. Ҳара ҳгәаанагарала ари даара акыр зҵазкуа хҭысуп, – ҳәа иҳәеит Роберт Киут. – Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа Урыстәылатәи Афедерациа иӷәӷәоу аиҿкаара ауп, уи иамоу аԥышәа ду ҳамадара иазхиоуп».
Заанаҵтәи аиқәыршаҳаҭрақәа рыла Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара аусеицура абжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит.
Амилициа аусзуҩцәа Аԥсны атәылауаҩ 22 грамм прегабалин идырбалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рыиагара, иара убас Аԥсныҟа раагара азы дыгәҩароуп ҳәа дааныркылеит 1991 шықәсазы ииз Ҭҟәарчал ақалақь аҿы инхо Шамаатаа Мераб Коба-иԥа.
Игәҩароу ахаҵа амилициа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәеи еицымҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа раан Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аиасраан даанкылан.
Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы Анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Жәабрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы атерроризм аҿагылареи аиқәырхареи рхырхарҭа змоу Анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Азыҟаҵарақәа раан аиқәырхаҩцәеи амчратә усбарҭақәа русзуҩцәеи абарҭ адҵақәа нарыгӡеит:
- Азхәыцралатәи адиверсиатә гәыԥ ахьтәо аҭыԥ акәшара;
- азхәыцралатәи адиверсиатә гәыԥ зыҩноу аҩны ажәылареи агәыԥ анырҵәареи;
- асыԥса алеира инамаданы аԥшаара-еиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара;
- аӡхәыҵалаҩцәа алархәыны аӡы иалаҳаз амашьына изҭымҵо иҭахаз ауаа реиқәырхара;
- ашьхахалаҩцәа рмаругақәа рыла ашьха иалҟьаз ауаа рылбаагара аиҿкаара;
2023 шықәсазы Аҟәа ақалақь абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 2,11 млрд. мааҭ, аныхтә хәҭа – 2,14 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа Аҟәа ақалақь Ахадара афинанқәа Русбарҭа аиҳабы Алхас Лагәлаа 2023 шықәсазы аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит, ҳәа адыра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақьтә Еизара апресс-маҵзура.
Алхас Лагәлаа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2023 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 2 млрд. 114 млн. 207 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 1 млрд. 975 млн. 54 нызықь мааҭ. Абиуџьет аныхтә хәҭа 2 млрд. 137 мл. 918 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. (99 %). Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 2 млрд. 158 млн. 445 нызықь мааҭ.
Аҟәа ақалақь аҿы иаԥырҵараны иҟоуп амуниципалтә усбарҭа «Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵараҭа».
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь абиуџьет аҿы амуниципалтә усбарҭа «Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рполигон» аԥҵара азы аԥаратә хархәагақәа азоурыжьит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофицииалтә саит.
«Аԥсны асоциал-еконоикатә ҿиара адгылара аҭара иазку Аинвестициатә Программа ала Гәылрыԥшь араион аҿы икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реилыхреи адгьыл раҭареи рзы аполигон» аргыларазы аԥаратә хархәагақәа азоужьын. Апроект анагӡара алыршан, аха арыцқьаратә еиқәыршәагақәа рышьақәыргыларазы иназыцҵоу аусурақәа инацҵаны рымҩаԥгара ахәҭан» – ҳәа иҳәеит ахәаша, жәабранмза 9 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара зхы алазырхәыз Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба.
Иара Кацикыҭ иҟоу аполигон ахь инагахо агәамсам аиҳарак – уи Аҟәа ақалақьи Гәылрыԥшь араиони рҟынтәи еизгоу агәамсам ауп ҳәа иазгәеиҭеит. «Уаҟа иҟалоит Аҟәеи Гәылыԥшьи рҟынтәи агәамсам. Убас ала аусура аиҿкаара аганахьала ауадаҩра зегьы аҳҭнықалақь Ахадара иақәшәоит. Ҳара макьаназы ақалақь аҿы еизо агәамсам Гал араион ахь иаҳгоит. Уи инамҩатәны Аҳабла Ҿыц аҿы иҟоу агәасамеизакырҭа аҟынтәи агәамсам ақәгара мҩаԥысуеит. Ҳара иааҳхәеит ҩба автоахагақәа КАМАЗ, – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба. –Ҳаԥхьаҟа ҳара хымԥада иаҳҭаххоит агәамсам абылра иазку анаплакқәа».
Жәабранмза 15 инаркны Анаукақәа Ракадемиа аҿы ҿыц аспирантура иҭалаз рзы алекциақәа рыԥхьара иалагоит.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аҿы ҿыц аспирантура иҭалаз аршаҳаҭгақәа рыҭара иазкыз ацеремониа мҩаԥысит.
Амԥар Адгәыр Баҭал-иԥа, Ҵәыџьба Рашид Адамыр-иԥа, Инаԥшьба Инал Гаврил-иԥа, Кәпалба Хамида Гарри-иԥа қәҿиарақәа аԥышәарақәа ҭины Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иаҵанакуа анаукатә институтқәа распирантура иҭалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апресс-маҵзура.
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Коӷониа аспирантцәа аршаҳаҭгақәа риҭеит, акандидаттә дисертациақәа рыҩраан аҽадцалареи аусура бзиа абареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.
«Иахьа шәара аԥсуа наука ахь раԥхьатәи шәшаҿа еихыжәгеит. Ари имариам мҩоуп, аха сара ишәзеиӷьасшьоит ари анаукатә ԥсҭазаара аҿы шәара шәдырреи шәылшареи азхаҵара аиуо, аманшәалара шәыцло иҟаларц. Анаука – аҳәынҭқарра ашьаҟақәа ируакуп, анаука уаҵәтәи аԥеиԥш шәара аҿар шәнапы иакуп. Шәҵара ахыркәамҭазы ишәыҩраны иҟоу шәдисертациатә усумҭақәа иахәҭоу аҩаӡараҿы иҟалартә еиԥш шәнаукатә напхгаҩцәеи шәареи шусеицура алҵшәабзиақәа аанарԥшырц азы хымԥада иаҭахуп аилибакаареи ааԥсарак ҟамҵа аҽадцалареи», – ҳәа иҳәеит Валентин Коӷониа.
Аспирант Адгәыр Амԥар Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы Аԥсны аҭоурых азы адиссертациатә усумҭа иҩуеит, Рашид Ҵәыџьба – Аботаника Аинститут аҿы аботаника азы аусумҭа, Инал Инашбеи Хамида Кәпалбеи – Аекономикеи азини Ринститут аҿы.








