«Аха ари апроект аҿы џьара акала иарбаӡам Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа аусзуҩцәа хаҭала Аԥсны рыҟазаара, мамзаргьы дара ҳара ҳаҩныҵҟатәи аполитикатә ԥсҭазаара ралахәхара атәы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.
«Хыықәкыс иҳамоу урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳусеицура арҭбаара, аԥснытәи аусзуҩцәа рзанааҭ аизырҳара, аԥышәеимдара, иара убас аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҟалар, усҟан ҳусзуҩцәа Урыстәылатәи апрофильтә ҵараиурҭақәа рахь рышьҭразы алшара ҳауеит. Сара сгәаанагарала ари Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа рырҿиара аганахьала хра злоу усуроуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Роберт Киут.
Аминистр иажәақәа рыла, атәылауаа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаҩс акыр иуадаҩу, зырҽеира алымшо ахҟьаԥҟьақәа цәырызго агхақәа ҟанаҵар ҳәа агәҭынчымра рызцәырҵуеит.
Аминистр иахьа асоциалтә ҳақәа рҿы активла аиқәшаҳаҭра анапаҵҩра алшара иалацәажәо зегьы рахь ихы рханы «аӡәгьы ҳсуверенитет мап ацәкра, џьара акала ҳинтересқәа раԥырхагахара игәы иҭаӡам. Џьара аӡәы дааны ҳтәылауаа амчхарала дрызныҟәо изыҟалаӡом. Иахьатәи Аконституциеи азакәанԥҵареи инарықәыршәаны атәым ҳәынҭқарра иатәу азинхьчаратә усбарҭақәа ара ашәарҭадареи азинеиҿкаареи ирхылаԥшуа ҟалашьа амаӡам иҳәеит иара. Ҳара аӡә иаҵкьыс еиҵаны апатриотра ҳалаӡам. Ҳара Ҳаԥсадгьыл бзиа иаабоит, Ҳаԥсадгьыли ҳауаажәлари реизҳазыӷьара азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иаҳасабала, ҳара ҳусбарҭаҿы аума, иааидкыланы аҳәынҭқарраҿы аума, ҳаԥсадгьыл чарҳәара азызуа, ҳауаажәлар ирԥырхагоу, амилаҭтә интересқәа ирҿагылоу аусура мҩаԥызго аӡәгьы дшыҟам гәыҩбарада агәра шәсыргоит», - ҳәа инаҵшьны иҳәеит Роберт Киут.