АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жәабран.2024

Харитон Агрба Ваге Сураханиан дииааит.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз абокс азы атурнир RCC Boxing Promotions аҿы атехникатә нокаут ала Шәачатәи аспортсмен Ваге Сураханиан дииааит.  

Харитон Агрба изы ари 13-тәи иааироуп RCC Boxing Promotions иаҵанакуа апрофессионалтә ринг аҿы. Иара абжьарабжатә капан аҿы - 65 килограмм рҟынӡа иҟоу рыбжьара дықәгылоит.

Аиԥылара 10 раундк рыла ишьақәгылар акәын, аха  аабатәи араунд ашьҭахь Ваге Сураханиан мап ахьикыз иахҟьаны аиндаҭлара ҳџьынџьуаҩ иааирала ихыркәшахеит.

Харитон Агрба актәи араунд инаркны аԥыжәара иман, уи илахь шшьазгьы, аиааира имгакәа даанымгылеит.

Ваге Саруханиангьы илахь шьеит, ибла акит. Убри иахҟьаны иара аабатәи араунд ашьҭахь аиндаҭлара ацҵара мап ацәикит.

Аиндаҭлара ашьҭахь Харитон Агрба ицәаныррақәа ртәы еиҭеиҳәеит: «Абокс аԥсы ҭоуп, дарбанызаалак абоксиор аринг ахь данцәырҵуа агәра игоит хымԥада аиааира агара шилшо. Аринг ахь уанцәырҵуа еилукаауазар ауп уи еиуеиԥшым ахҟьаԥҟьақәа, ахәахәарақәа, уҳәа ацзар шалшо.  Ҳара аринг ахь ҳазцәырҵуа ари аспорт хкы аҿы иреиӷьу иаарԥшра, ишьақәыӷәӷәара азы ауп.  Иахьа сара аиааира агара сылшеит. Аинахысгьы сҽазысшәоит убасҵәҟьа ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи раарԥшра», - ҳәа иҳәеит Харитон Агрба.

 


Read 160 times - Ашәахьа, 12 Жәабран 2024 00:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.