Аԥараҿырпы аверс аҿы афотоҭыхыҩ Дмитри Ермаков XIX ашәышықәсазы иҭыхымҭа «Аԥсуа депутатцәа» аҟынтәи аибашьцәа рфотосахьа, арымарахь амратә дыргеи ажәҩан иалоу 11 шьауардынқәеи арбоуп, маҷк арыӷьарахьшәа аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа – 200 ԥсар, иара убас уи анҭыжьыз арыцхә – 2023ш. ануп.
Аԥараҿырпы арыӷьарахьтәи аган аҿы Аԥсны Абанк», иара убас Ареспублика Аԥсны ҳәа азаҷ ҟаҵоуп.
Ареверс аҿы – асериа «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» афырхацәа зегьы иԥшшәылоу азаҷкьыԥхь ала инагӡоу рсахьақәа ануп. Асахьа итрадициатәу аԥсуа арнамент ала иҟаҵоу адекоративтә хыц иҭакуп.