АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жәабран.2024

2023 шықәсазы Аԥсныҟа иалагалаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 70,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны абанктә система ала 2023 шықәсазы инагӡаз аԥаратә хархәагақәа аҳәаа наҟ-ааҟтәи реикәыршара 143  млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи  2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 19,3 млрд. мааҭ (15,6%) рыла еиҳауп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Амилаҭтә Банк апресс-маҵзура.  

Абанктә системала Аԥсныҟа иаашьҭыз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 70,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, атәыла иалганы ишьҭыз аԥаратә хархәагақәа рецҵалыҵ – 72,8 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 

2023 шықәсазы Ареспублика Аԥсны абанктә система ала аԥаратә хархәагақәа раара абас ала ишьақәгылан:

- аиуристтә  хаҿқәа, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа, хазхаҭалатәи ахаҿқәа Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рҿы иаадыртыз рхыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа рахь иахыԥхьаӡалан  40,7 млрд. мааҭ;

- Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа змоу ахаҿқәа рыла Амилаҭтә шәаратә Система «АԤРА» аинфраструктура аҿы инагӡаз аоперациақәа – 20,6 млрд. мааҭ;

- Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы, абиуџьеттә  инвестициақәа рымҩаԥгара, аинвестициатә усура адгылара аҭара, уҳәа ахықәкқәа рынагӡаразы урыстәылатәи афинанстә цхыраара - 5,2 млрд. мааҭ;

- урыстәылатәи атәанчахәы аашьҭра – 3,4 млрд. мааҭ.  

- аԥарақәа рыиагара асистема ала  ахыԥхьаӡаларақәа  – 0,3 млрд. мааҭ.

2023 шықәсазы аиҳарак ахархәара зауз авалиута урыстәылатәи амааҭ ауп, уи ахархәара ахәҭаа аҳәаа наҟ-ааҟтәи аоперациақәа рзеиԥш мҽхакы аҟынтәи  96,2% рҟынӡа инаӡеит, Еиду Америкатәи Аштатқәа рдоллар – 3,2%, егьырҭ атәылақәа рвалиута – (ҭырқәтәылатәи алира, европатәи евро, китаитәи иуан, индиатәи руппи) – 0,6%.  

 


Read 220 times - Ашәахьа, 12 Жәабран 2024 21:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.