Ахыб аԥсахра иазку аусурақәа уи аԥхьа ишьақәырӷәӷәаз аамҭеихша инақәыршәаны имҩаԥысуеит, урҭ ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь агәаҿы игылоу араионтә пошьҭа, абиблиотека, ателехәаԥшра ахьыҟоу ахыбра ахыб рыԥсахраны иҟоуп.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуеит. «Ахыбра ахыб аԥсахразы иазоужьхеит 17 млн. мааҭ инареиҳаны.
Уажәы ажәытә хыб ахыхреи аҿыц ашьақәыргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәеи мҩаԥысуеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион Ахадара аинформациеи ауаажәларра рымадареи рзы аҟәша аспециалист хада Арнольд Ӡари-иԥа.
Ахыб аԥсахра иазку аусурақәа уи аԥхьа ишьақәырӷәӷәаз аамҭеихша инақәыршәаны имҩаԥысуеит, урҭ ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп.