АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жәабран.2024

Аҟәа ақалақь аҿы Олег Бебиа игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Акультура-ҵарадырратә Центр аҿы Донбасс ахақәиҭтәразы имҩаԥысуа Иҷыдоу Арратә Операциа амҩаԥгараан фырхаҵарыла иҭахаз, Аԥсни Урыстәылеи  абокс азы аспорт азҟаза Бебиа Олег Борис-иԥа игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор,  ажурналист Екатерина Бебиа аибашьҩы-афырхаҵа иԥсҭазаареи иҭахареи шыҟалази ртәы еизаз ирзеиҭалҳәеит.

«Ҳара ҳфырхацәа ргәалашәара наунагӡа иҳацзароуп. Олег Бебиа –  иналукааша аспортсмен, Аԥсни Урыстәылеи абокс азы аспорт азҟаза. Олег Борис-иԥа Бебиа хацәнымырха деибашьуан. Иҷкәын иҭахара акыр игәабзиара ҵнашәааит Олег иаб Борис Бебиа. Иара иҷкәын анышә данамырда ашьҭахь хара имгакәа иԥсҭазаара далҵит. Борис Қарбеи-иԥа ҳаҭыр-пату зқәыз уаҩын, дпатриот иашан»», - ҳәа иазгәалҭеит Екатерина Бебиа.

Агәалашәаратә хәылԥазы сасцәаны иаҭааит  изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз Олег Бебиа иуацәеи  иҭынхацәеи иҩызцәеи, иааигәаны дыздыруаз зегьы, иара убас атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, ажурналистцәа.

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа Олег Бебиа иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

«Ари ҳастратегиатә партниорны иҟоу Урыстәылеи ҳареи иаҳзеиԥшу гәырҩоуп, иаҳзеиԥшу фырхаҵароуп. Ҳара ҳҿы аибашьра анцоз, аӡәырҩы Урыстәыла анацәа рыҷкәынцәа Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Ҳара ҳаицхырааны аибашьра лыԥхала ҳалҵит. Сара ибзианы еилыскаауеит уажәы афырхаҵа иан Лианы Бебиа лгәы шыҟоу, уи слыдышшылоит, илааӡаз афырхаҵа изы иҭабуп ҳәа ласҳәоит, лаԥхьагьы схырхәоит», – ҳәа иҳәеит Давид Бжьаниа.

«Ахәра шиоузгьы, Олег Бебиа гәымшәарыла ирратә уалԥшьа наигӡон. Ауаҩы шәы-шықәса ниҵаны ихьӡ зларҳәаша акагьы аанмыжьӡакәа дымҩасыр ауеит, аха убри аан даҽаӡәы дықәрахьымӡаны ифырхаҵарала  иуаажәлари иԥсадгьыли ргәалашәараҿы наунагӡа даанхоит»,- ҳәа илҳәеит Ауаажәларратә Палата  амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба.   

Цәыббрамза, 2022 шықәсазы Олег Бебиа амобилизациа аҳасабала Иҷыдоу Арратә Операциа ахь ддәықәҵахеит, иара ихьӡҷыданы иман «Сокол».  Олег Бебиа лаҵарамза  10, 2023 шықәса рзы ахәра зауз аибашьцәа аибашьрадәы ралгараан дҭахеит. Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр Идҵа ала иара УА атәылахьчара Аминистрра амедал ианашьахеит.

Олег Бебиа ԥсрашьҭахь Афырхаҵара аордени Гьаргь Ацқьа иџьар I аҩаӡареи  ианашьан.


Read 216 times - Аҩаша, 13 Жәабран 2024 17:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.