АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жәабран.2024

Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа хҩык аусзуҩцәа рганахьла ашьаусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал арион Апрокуратура Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа хҩык аусзуҩцәа: Гал арион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Ашьаусԥшааратә ҟәша аоперативтә зинмчы змоу амилициа акаԥдан Заракуа Альберт Гено-иԥа, Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа аԥыԥшырҭа аоперативтә зинмчы змоу амилициа алеитенант Абшьлаа Вианор Емир-иԥа, Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Ауаажәларратә шәарҭадара амилициа Аԥыԥшра-хьчаратә Маҵзура аҟәыра аинспектор, амилициа алеитенант еиҵбы Кәакәасқьыри Давид Борис-иԥа рганахьла ашьаусеилыргара хацыркуп.

Амилициа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа аҿы Ареспублика Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 105, ахәҭа  3, апункт «а» иарбоу ацәгьоура (гәыԥҩык ауаа рыла гәҭакыла ауаҩы игәабзиара ӷәӷәала ааха аҭара), ахәҭаҷ    288, ахәҭа 3, апунктқәа «а», «в» иарбоу ацәгьоура (амч ахархәарала инагӡоу, ӷәӷәала ахҟьаԥҟьақәа зцу амаҵуратә уалԥшьа аиҳатәра) аҟазшьақәа аарԥшуп.

Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса рзы амилициа аусзуҩцәа Заракуа Альберт Гено-иԥа, Абшьлаа Вианор Емир-иԥа, Кәакәасқьыри Давид Борис-иԥа рмаҵуратә уалԥшьа еиҳатәны Гал араион Барӷьаԥ ақыҭан инхо ахаҵа иганахьала амч ахархәара аарԥшны игәабзиара ӷәӷәала ааха арҭеит.  

Кәакәасқьыри Давид ԥхәынҷкәынмза 6, 2023 шықәса рзы, аоперативтә информациа аниоу ашьҭахь, 16 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа автомашьына«БМВ» (аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дырга О 767 ОК АВН)   ала, иаанкылаз, иџьбароу арыжәтә ыжәны иҟаз Қарбаиа Витали Иван-иԥа Гал ақалақь аколнхацәа рџьармыкьа аҟынтәи араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахь днаганы аҷаԥшьаратә ҟәша ауада аҿы ашаҳаҭцәа алмырхәӡакәа хаҭала иаанкылаз ахаҵа игәаҭара мҩаԥигеит. Убри аан уи имҩаԥигаз ауснагӡа шәҟәыла еиқәимыршәаӡеит.

Витали Қарбаиа Кәакәасқьыри Давид иганахьала ишакәым ацәажәара далагеит. Аҭакс амилициа аусзуҩ иаанкылаз ахаҵа диҿасит.

16 сааҭи 34 минуҭи инарзынаԥшуа аҷаԥшьаратә ҟәша  ауада иааҩналеит Заракуа Альберти Абшьлаа Вианори. Кәакәасқьыри Давиди дареи ааидгыланы иаанкылаз Витали Қарбаиа акырынтә напыла исуа, шьапыла иӷрасуа иалагеит. Витали Қарбаиа ӷәӷәала ахәахәарақәа иоуит, ахәҭакахьала агәышԥыцаҟьатә хәахәарақәа иоуит,  7-тәи, 8-тәи, 9-тәи, иара убас 10-тәи ивакьыцқәа ԥҵеит, иарӷьатәи ила ҵаҟатәии хыхьтәии алацәақәа ашьаршәы ҭатәеит.   

Арҭ ахәахәарақәа агәабзиара ӷәӷәала ааха аҭара ахь иаҵанакуеит. Амилициа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа ала атәылауаҩ Қарбаиа Витали Иван-иԥа ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәуа ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара, мчымхарала изныҟәара дацәызыхьчо изинқәеи ихақәиҭреи аҳәынҭқарратә хьчара азы изин ӷәӷәала еиларгеит, иара убас азакәантә хьчара аҵаҟа иҟоу ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа еиларгеит, иара убри ала ахәҭакахьала Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩ иаҳаҭыр лазырҟәа ауснагӡатәқәа рыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахьӡ-аԥша ааха ду арҭеит.

Қарбаиа В.И. иганахьала амч ахархәара ашьҭахь, иара закәаншьаҭада Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ааҭала аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа ахь днаган. Уи уаҟа дҭакын доурыжьҭаанӡа, ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса, 08 сааҭи 45 минуҭи рҟынӡа.

Жәабранмза 10, 2024 шықәса рзы Заракуа А.Г., Абшьлаа В.Е. Ареспублика Аԥсны Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 91,  92 рыла иаанкылан.

Игәҩароу Кәакәасқьыри Д.Б. Гал араион апрокуратура ахь дымнеиӡеит, уимоу, уи уажәы дахьыҟоу аҭыԥ еилкаамкәа иаанхоит.

Жәабранмза 11, 2024 шықәса рзы Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәшеи игәҩароу Кәакәақьри  Д.Б. дахьыҟоу аилкаареи, иԥшаареи апрокуратура ахь инагареи алышаразы азԥхьанҵақәа рыҭоуп.

 

 

 

 


Read 124 times - Аҩаша, 13 Жәабран 2024 00:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.