АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жәабран.2024

Аԥсны аинтеллигенциа Реидгыла ахаҭарнакцәа Амилаҭтә галереиа апроблема аӡбаразы авариантқәа рыдгалара азы ажәалагала ҟарҵеит.

 

 

 

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аинтеллигенциа Реидгыла ахаҭарнакцәа ааигәа иҟалаз абылра иахҟьаны Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа амца ихьалаблыз инамаданы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь ааԥхьара ҟарҵеит. 

«Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса рзы иҟалеит ухахьы иузаамго ахҭыс. Амца иалаблит  шәы-шықәса рыҩныҵҟа Амилаҭтә сахьатә галлереиа азы еизыргоз Аԥсны иналукааша асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп адунеи зегьы аҿы еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩ  Алеқандр Чачба, иара убас  Варвара Бубнова русумҭақәа. Убасҵәҟьа  ҳара иаҳцәыӡит  егьырҭ еицырдыруа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа русумҭа шьахәқәа. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳҳәынҭқарра асимволқәа – абираҟи агерби- равтор Валери Гамгиа Лыхни Ҷлоуи ақыҭақәа рҿы акультура Аҩнқәа злаҩычаз имонументалтә усумҭақәа. Наунагӡа иаҳцәыӡыз усумҭақәоуп еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳамҭас иаҭаз урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа жәпакы русумҭақәа. Ари асиа аҿы иҟоуп иара убас  2013 шықәса раахыс Аԥсны имҩаԥысуа арт-пленер «Ҭагалан аԥшшәхәқәа» алахәылацәа иаԥырҵаз асахьақәа.  Еиқәуԥхьаӡаша акыр ирацәоуп. Зынӡа иҟан – 4000 инареиҳаны асахьақәа. Ари ахҭыс амилаҭтә культура азы рыцҳара дуны иҟалеит.  Ихыбгалеит абиԥарақәа еимаздо ацҳақәа руак», - ҳәа иаҳәоит ааԥхьара аҿы.  

Аԥсны аинтеллигенциа Реидгыла алахәылацәа Амилаҭтә сахьатә галереиа  афондқәа рбылра ахь иназгаз аҭагылазаашьа мышкала ишьақәымгылаӡеит ҳәа иазгәарҭеит.

«Ахыбра ахьгылоу, агалереиа азы аофициалла иазоужьу атерриториа изныкымкәа жәаҩыла иалаҟоу ауаа априватизациа азура рҽазыршәахьан, убри аҟнытә ауп уи иахьа уажәраанӡа абри аҩыза аҭагылазаашьа аманы изыҟаз.  Амчраҿы иҟазаалакгьы аӡәгьы ари апроблема аӡбара илымшаӡеит.  Аҭагылазаашьа иахьа уажәраанӡа ишыҟац иӡбамкәа иаанханы иҟоуп! Аха шьҭа иаамҭоуп ари азҵаара даҽакала азнеира!», - ҳәа иазгәарҭоит аинтеллигенциа Реидгыла алахәылацәа.  

Дара агалереиа афондқәа амца ралабылра аламҭалауаа реиԥш ҿыц еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәеи жъәаҳәарада ирныԥшуеит ҳәа инаҵшьны иазгәарҭоит.

«Ари апроблема аӡбара атәыла аҿы иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа есымшагьы ишиашоу иадҳәалаӡам.  Уи аиҳарак ҳара ҳаиҿымкаара ауп изыдҳәалоу. Араҟа аӡәы далкааны ахара узидҵаӡом. Ҳара зегьы иҟалаз ахҭыс азы аҭакԥхықәра ҳадуп. Иаҳзеиқәмырхаӡеит абиԥарақәа иаҳзаанрыжьыз хәызмаӡам аҭынха. Ари ахҭыс наунагӡа хьымӡӷ дуны ҳҭоурых ианхалоит. Иҟалаз еилкааны апроблема аӡбаразы ҳзеидымгылар, иҟалар алшоит еиҵагыло абиԥара уи ҳанармыжьыр», – ҳәа иаҳәоит ааԥхьара аҿы.

Аԥсны аинтеллигенциа Реидгыла ахаҭарнакцәа  апроблема аӡбаразы рхатәы вариантқәа рыдгалара азы ажәалагала ҟарҵеит.                                      

 - Раԥхьа иргыланы ихымԥадатәиуп абылраҿы ааха зауз Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра аиҭашьақәыргылара, иара убас зыԥшра ҟамҵакәа Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа ирылагатәуп.

- Убасҵәҟьа хымԥада акультура аобиектқәа рҿы ашәарҭадара асистема шьаҭанкыла аиҭакра ахәҭаны иҟоуп, уи ҳаамҭа иақәшәо ахьчаратә системақәа рыла иԥсахтәуп.   

- Хымԥада аусуратә гәыԥ, мамзаргьы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵатәуп. Уи напхгара аиҭалароуп  Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

- Акомиссиа еилыккоу аусура аплан еиқәнаршәароуп.

«Ҳара ҳақәшаҳаҭӡам азҵаара шьаҭанкыла аӡбара алыршахаанӡа изеиԥшразаалак аусурақәа рылагара. Ихымԥадатәиу аусурақәа усшәҟәыла ишьақәырӷәӷәахаанӡа дарбанызаалак аӡәгьы, арестовраторцәа роума, ма даҽа џьоукы аусурақәа рымҩаԥгаразы азин рымамзароуп.  Мап анакәха, ҳара ҳаԥхьаҟа уажәазы ҳазқәымгәыӷуа даҽа проблемақәак ҳазцәырҵыр алшоит», – ҳәа иазгәаҭоуп ааԥхьара аҿы.

Ааԥхьара рнапы аҵарҩит Аԥсны аинтеллигенциа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ныгәзар Логуа, Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Виачеслав Чыркба, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа, Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба, Д.И.Гәлиа Иҩны-амузеи адиректор Светлана Қорсаиа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа, Аԥсны ахортә капелла адиректор Нора Аџьынџьал, асахьаҭыхыҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет арҵаҩцәа, ажурналистцәа, актиорцәа.

 

 

 

 

́


Read 175 times - Аҩаша, 13 Жәабран 2024 14:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.