Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аспортсменцәа ҿарацәа зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Каменск-Уральск ақалақь иаарту атурнир аҿы ахьтәы медалқәа хԥа, араӡнытә медалки, аџьазтә медалки ргеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аҳәынҭқарратә Еилакы.
Жәабранмза 10 – 12, 2024 шықәсазы Каменск-Уральск ақалақь Иназыцҵоу аҵара азы автономтә муниципалтә Усбарҭа Аолимпиатә резерв аспорттә Школ аҿы Афганисҭанынтәи асовет архәҭақәа ралгара ҟалеижьҭеи 35-шықәса аҵра иазкны 2009 – 2011 шш, 2012 – 2015 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара зхы иақәыиҭу аиқәԥаразы иаарту Аԥхьахәгара мҩаԥысит. Уи зынӡа рхы аладырхәит 85-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.
Ареспублика Аԥсны ахьӡала иқәгылеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа зхы иақәиҭу аиқәԥаразы асекциа ааӡамҭацәа рыла ишьақәгылоу акоманда.
Хә-ҩык аспортсменцәа рыла ишьақәгылаз акоманда зегьы апиедестал ахь ихалеит.
Дамир Аџьиев, Рамазан Мураткови Амир Гогови актәи аҭыԥқәа ааныркылеит, Борис Кувичко –аҩбатәи аҭыԥ, Денис Кәырмазиа – ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит.
Аспортсменцәа азыҟарҵоит азыҟаҵаҩ еиҳабы Давид Абдибеи Алхас Џьынџьали.