Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 159, ахәҭа 2 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла ихацырку ашьаусеилыргара мҩаԥнагоит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҩныҵҟатәи аусқәа ацәаҳәатә Усбарҭа.
13.Жәабран.2024
Гәдоуҭа ақалақь аҿы инхо ҩыџьа ахацәа ақәыларазы игәҩароп.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала ақәыларазы игәҩароуп ҳәа ишьақәыгылахеит Гәдоуҭа араион аҿы инхо ҩыџьа ахацәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыла, Приморское ақыҭан инхо, 2002 шықәсазы ииз Матуа Феликс Аслан иԥеи Лыхны ақыҭан инхо, 2005 шықәсазы ииз Барцыц Никита Олег-иԥеи Гәдоуҭа ақалақь, Бамборатәи амҩа аҿаԥхьа аихамҩақәа рҿы ауаҩы иқәланы ажәҩахаршә шәыра имырхит, иԥарақәагьы рӷьычит.
Ақәылаҩцәа ирыман агазбалонтә тапанчеи (амодель МР-654К) аркьыли.
Ацәгьоура оперативла иаадыртит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭеи Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәшеи русзуҩцәа.