pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 49  млрд 2,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәсазтәи арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, аицҵалыҵ  23% рыла иазҳаит, даҽакала иуҳәозар,  9 млрд. 72 млн. мааҭ рыла.

Аимпорт 41 млрд. 692,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, аекспорт  – 7 млрд. 309,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 6 – 9, 2024 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы Ф. А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр  (РУСДРАМ) итрадициатәу агастроль дуқәа мҩаԥысраны иҟоуп.

Ԥшьымш рыла ахәԥшцәа идырбахоит ф-спектакльк, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 2023 шықәсазы заԥхьарбара мҩаԥысыз М. Агеев иаԥҵамҭа ала  Роман Кочержевски иқәиргылаз аспектакль   «Роман с кокаином», иара убас ашәҟәыҩҩы ииубилеи инамаданы Ф.Искандер ирҿиамҭа ала иқәыргылаз аспектакль «Софичка».

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазаараан  имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭеи Аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа.

Еиԥылеит Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки, Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетники, Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы Елла Памфиловеи.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, аԥшьаша, жәабранмза 8 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 1 – 8, 2024 шықәса рзы ҩынтә ашьҭ-рала  395 кьыла амимоза експортла Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәырҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы експортла идәықәҵан 2 335 кьыла. (6-нтә ашьҭрала).

Сынтәа актәи апартиа ыиаган жәабранмза 2 рзы, 2023 шықәсазы – ажьырныҳәамза 31 рзы.  

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза, 2024 шықәса рзы Аԥсны абиуџьет иалагалаз ашәахтә шәатәқәа планла ишьақәыргылаз 206,8 млн. мааҭ рыла иалагалахеит  265,2 млн. мааҭ. Анагӡара 128% рҟынӡа инаӡоит.

Ажьырныҳәамза, 2024 шықәса рзы аҳҭнықалақьи араионқәеи рҿы ашәахтә шәатәқәа ралагалара абас ала ишьақәгылеит:

ақ. Аҟәа – планла ишьақәыргылаз 109,6 млн. мааҭ рыла иалагалахеит  141,8 млн. мааҭ. (129%);

Гагра араион – планла ишьақәыргылаз 52,6 млн. мааҭ рыла иалагалахеит 70,3 млн. мааҭ. (134%);

Гәдоуҭа араион – планла ишьақәыргылаз 17,1 млн. мааҭ рыла иалагалахеит – 20,6 млн. мааҭ. (120%);

Аҟәа араион – планла ишьақәыргылаз 11,7 млн. мааҭ рыла иалагалахеит  – 10,5 млн. млн. мааҭ. (90%);

Гәылрыԥшь араион – планла ишьақәыргылаз 4,4 млн. мааҭ рыла иалагалахеит  9,5 млн. мааҭ. (218%);

Очамчыра араион – планла ишьақәыргылаз 8,4 млн. мааҭ рыла иалагалахеит 8,9 млн. мааҭ. (107%);

Ҭҟәарчал араион – планла ишьақәыргылаз 0,8 млн. мааҭ рыла иалагалахеит – 0,7 млн. мааҭ. (93%);

Гал араион – планла ишьақәыргылаз 2,4 млн. мааҭ рыла иалагалахеит – 3,0 млн. мааҭ. (126%).         

 

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь инаишьҭит «Атәымтәылатә агент ифункциақәа назыгӡо икоммерциатәым аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Азакәан апроект инақәыршәаны, иарбанызаалак аиҿкаара-зинтә форма змоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа аҳәаанырцәти ахыҵхырҭақәа рҟынтәи  аԥаратә хархәагақәа, мамзаргьы даҽа мазарак роуазар, убри аан аԥара рзызшәо аҳәаанырцәтәи ахыҵхырҭақәа ринтересқәа ирықәшәо аусура уахь иналаҵаны, Аԥсны аполитикатә усура иалахәзар, усҟан урҭ иҳәаанырцәтәу агентцәоуп ҳәа иԥхьаӡатәуп.

Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩра змоу ахаҿқәеи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи аҳәаанырцәтәи агент ифункциақәа назыгӡо хазхаҭалатәи ахаҿқәас иԥхьаӡазар алшоит аҳәаанырцәти ахыҵхырҭақәа рҟынтәи  аԥаратә хархәагақәа, мамзаргьы даҽа мазарак роуазар, убри аан аԥара рзызшәо аҳәаанырцәтәи ахыҵхырҭақәа ринтересқәа ирықәшәо аусура уахь иналаҵаны, Аԥсны аполитикатә усура иалахәзар.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рзы» Ареспублика Аԥсны азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Иарбоу азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит:

- Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Иҷыдоу азкызаара змоу Ацентр аҳәнҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рсистема алагалареи уи азинтә шьаҭа алкаареи;

- Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә отриад «Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа» ҳәа ахьӡ аԥсахра.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы Аԥсны Анхаратә закәанеидкыла апроект рыдыркылеит.

Апроект адгалара мҩаԥигеит аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи  рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа.

«Иахьатәи амш азы Аԥсны анагӡара мҩаԥысуеит аҳәынҭқарратә милаҭтә программа «Анхарҭаҭыԥ», аха убри аан ареспублика ҳаамҭазтәи аҿиара аетап иақәшәо  анхаратә зҵаарақәа закәаншьаҭала рыӡбара алыршаӡам», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Резо Занҭариа.

Иахьазы Аԥсны аус ауеит 1981 шықәсазы ирыдыркылаз Анхарҭаз азакәанеидкыла.

«Анхарҭатә  закәанеидкыла апроект аус адулареи Апарламент ахь ахәаԥшразы анагареи,  аԥснытәи азакәанԥҵара аҿы иҟоу абжьажь ахарҭаареи атәылауаа анхарҭала реиқәыршәаразы  рконституциатә зин анагӡареи атәылауаа зегьы рзы анхарҭа апроблема аӡбара амеханизмқәа раԥҵареи хықәкы хадас иамоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп аилыркааратә шәҟәаҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит.

Ахәышәтәырҭа ахь аинспекциатә ҭаара ауааԥсыра рҟынтәи ахәышәтәырҭа аусура аганахьала лассы-лассы иаадырԥшуа иалагаз агәынамӡарақәа ирыдҳәалахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

«Иҟоуп уадаҩрақәак, иҟоуп шәусура аганахьала аҽԥынкыларақәа, агәабзиарахьчара Аминистррахьы ауаа ашуеит. Ҳара араҟа арҭ азҵаарақәа ҳаӡбароуп», – ҳәа иҳәеит аминистр. Уи аҳақьымцәа амедусбарҭа амаҵзурақәа зегьы русура азы адырра ҟарҵарц азы аҳәара ҟаиҵеит.  

Аҳақьымцәа данрыҿцәажа ашьҭахь еилкаахеит ахирургиатә маҵзура азы иаахәаз амаругақәа аинсталлиациа аетап аан атехникатә уадаҩрақәа шцәырҵыз, убри аҟнытә уи инагӡаны аус арура залмыршахеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.