pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза 28 рзы Аҟәа ақалақь аҿы анаркотикқәа рыдкылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсреи рҿагылара  Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара инамаданы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит ареспубликатә акциа «Аҿар анаркотикқәа ирҿагылоит». Акциа амҩаԥгара азԥхьагәаҭан рашәарамза 26 рзы, аха аобиективтә мзысқәа ирыхҟьаны, уи егьи амш ахь ииагахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.  

Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит атлетикаластәи аиԥхныҩра. Иара убас имҩаԥгахоит амҵәышәмпыл 3х3, аӡысра,  астолтә ԥкьаҭмпыл, ашахматқәа, анардқәа, адомино азы аицлабрақәа, иара убас ахыци ахәымпали рыла ахысразы амастер-класс амҩаԥгара еиҿкаахоит. Акциа рхы аладырхәырц рылшоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Жәларбжьаратәи анаука-ԥышәатә конференциа «Аиашьаратә жәларқәа афашизм иаҿагыланы иаадырԥшыз афырхаҵара» мҩаԥысит ашәахьа, рашәарамза  26 рзы, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы. Аусмҩаԥгатә 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алагара амш  82-шықәса ахыҵреи Кавказ ахьчара иазкыз аиҿагылара аҿы аиааира агара  80-шықәса аҵреи ирызкын.

Алагаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ахада Дмитри Федотов. Уи рашәарамза 22, 1941 шықәса Асовет Еидгыла ажәлар зегьы аџьамыӷәа цәгьа иҭазыргылаз аамҭахәҭа алагара иасимволны ишыҟоу азгәеиҭеит.

«Ари амш аҽны ҳара зегьы ари аибашьра зыԥсҭазаара ҿахызҵәаз ҳауацәеи иаҳзааигәоу ауааи ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит. Аԥхынра, 1942 шықәсазы аибашьра Аԥснынӡагьы инаӡеит. Ареспублика зегьы иуадаҩыз афронт иаԥну аԥсҭазаарала инхон», - ҳәа иҳәеит иара.  

Дмитри Федотов ари аконференциа аусура – афашисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи фырхаҵарыла зыԥсадгьыл зыхьчоз асолдатцәа ҳаҭыр дула ргәалашәаразы даҽа лшара шьахәны ишыҟало азы агәыӷра ааирԥшит.

«Агәра ганы сыҟоуп, усҟантәи ахҭысқәа рҭоурых есааира  еиҵагыло абиԥарақәа ишахәҭоу ала иҵабыргны ишрызнагахало», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы.

Аконференциа ҩ-секциак рыла ишьақәгылан: арра-ҭоурыхтәи анаука-ԥышәатәи.

Актәи асекциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҭоурыхҭҵаара аҟәша аиҳабы Аслан Аҩӡба Қырҭтәыла аҿырԥшы ала Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа азы аҭоурыхтә агәалашәара ҳаамҭазтәи аетап аҿы ӷәӷәала аполитикатә цәаҩа аиуоит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, аҭоурыхтә фактқәа реицакраеи афашизм аҿагылараҿы Асовет Еидгыла ароль аларҟәреи рзы хыԥхьаӡара рацәала аҽазышәарақәа аарԥшхоит.

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, ААУ адоцент Сослан Салаҟаиа аԥснытәи аҭоурыхтә ҭҵаара аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҭҵара аҭоурыхграфиа азы инарҭбаау ажәахә ҟаиҵеит.  

Асоциологиатә наука рдоктор, Аладатәи афедералтә университет (ақ. Ростов-на-Дону) апрофессор Максим Васьков 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьреи Урыстәылатәи Афедерациа Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциа аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа рылахәхареи   реиҿырԥшратә анализ мҩаԥигеит. Уи аԥсуа ҩажәижәаба шықәса раԥхьа еиԥш уажәгьы украинатәии қырҭтәылатәи анеонацизм иаҿагылеит, аха уажәы уи Донбасс ауп иахьымҩаԥысыз ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Иара убас Приднесторовиа ауааԥсыра 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ралахәхара, Аԥсны ауаажәларра аиааира азы рлагала, 1941-1945 шықәсқәа рзы Зыԥсадгьыд зыхьчоз аибашьцәа инарадыркны ҳаамҭазтәи, 1992-1993шш. зыԥсадгьыл ахақәиҭтәразы игылаз Кәтол ақыҭантәи биԥарала иаауа аибашьцәа  ирызкны ажәахәқәа ирыԥхьеит.  

Аҩбатәи асекциа аԥшааратә усура, уи иадҳәаланы ицәырҵуа ауадаҩрақәа, урҭ рыӡбаразы иҟаҵахо, иара убас Аԥсни Донецктәи Жәлартә Республикеи рҿы  иҟоу аперспективақәеи аҷыдарақәеи, уҳәа Москватәи Акультура-усуратә Ҩны «Москва Аҩны» имҩаԥнаго аусура аҿырԥшала, Гагра араион аҿырԥшала еиҵагыло абиԥара  апатриотизм рылааӡара ирызкын.

Аконференциа В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша Аҳәынҭқарратә музеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакреи аԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәразы Ареспубликатә еиҿкаара «Абхазпоиск» иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысит.

 

 

Аҟәа. Лаҵарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 26 инаркны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аусбарҭа аҟны аԥсуа бызшәа ирццаку аметод ала аҵаразы акурсқәа аусура иалагеит.  Акурсқәа хәыда-ԥсадоуп,  урҭ еиқәыршәоуп Аԥсны атәылауаҩра аиуразы аҳәынҭқарратә бызшәазы аԥышәара зҭиуа, иара убас абызшәа зҵарц зҭаху зегьы рзы.

Раԥхьатәи агәыԥ 12-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Акурсқәа  мҩаԥылгоит ААУ аԥсуа кафедра арҵаҩы Лиубовь Цәеиба. Азыҟаҵарақәа мчыбжьык рахь ҩынтә:  ашәахьеи аԥшьашеи имҩаԥыслоит.

Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа аспециалист хада, аԥсуа бызшәа аҵаразы ирццаку акурсқәа реиқәыршәаҩ Диана Шамба, акурсқәа 4-мыз рыҩныҵҟа имҩаԥыслоит, урҭ раамышьҭахь  аҽазыҟаҵара иахысыз аԥсуа бызшәа аелементартә ҩаӡараҿы ишырдыруа азы асертификат роуеит ҳәа иазгәалҭеит.

«Аелементартә ҩаӡара ҳәа изышьҭоу иаҵанакуеит абжьааԥн

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра асаит аҿы асервис ҿыц – ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет цәырҵит.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аинформациатә технологиақәа русбарҭа аспециалист хада Ҭенгиз Анқәаб ари афункциа зызку азы адырра ҟаиҵеит.

«Ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ашәахтәшәаҩцәа рзы инанагӡо амаҵзурақәа рхаҭабзиара ашьҭыхреи ашәахтә усбарҭақәеи  ашәахтәшәаҩцәеи рыбжьара Аинтернет  ҳа ахархәарала аинформациала аимадара аиӷьтәреи хықәкыс иҟаҵаны иаԥҵоуп.

Иарбоу афункциа иабзоураны  ашәахтәшәаҩцәа аҳасабырбақәа рынашьҭреи ашәахтә усбарҭақәа аус рыцура иазку егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи ашәахтә усбарҭа аҭаарада, онлаин режим ала рынагӡара азы хра злоу алшара аԥнаҵоит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал ақалақь апарк Хада аҭыԥантәи ауааԥсыра реиҳараҩык рыԥсшьараамҭа ахьырхырго ҭыԥны иҟоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы араҟа шьаҭанкыла аиҭакрақәа шыҟалаз умбар залшом. Иҭбаау агәҭанытәии аганқәа рҿы иҟоуи ашьаҟамҩақәа ҩ-ԥштәык рыла еилоу ашьаҟамҩатә хаҳәцәы ала ичаԥоуп, ахәылбыҽхантәи аамҭазы арлашара иазку афонартә шьаҟақәа шьақәыргылоуп. Иӷәӷәоу аматериал иалху, ҳаамҭазтәи адизаин иақәшәо арымӡқәа ргылоуп, иара убас астолтә ԥкьаҭмпыл асразы астолқәа шьақәыргылоуп. Ахәыҷтәы плошьадкагьы рҿыцуп.

Ҭҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа иажәақәа рыла, ари аобиект аиқәыршәазаара зынӡа  иақәхарџьхеит  15 миллион мааҭ, урҭ рахьынтә 10 миллион мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхеит, иаанхаз 5 миллион  мааҭ – уи аҭыԥантәи абиуџьет аԥаратә хархәагақәа роуп. «Мацара иаанханы иҟоу ахаҳәцәы ахьыҟам апарк ахәҭақәа рҿы абӷанҷ ақәыԥсаны ариашара заҵәык ауп.  Уи иагеит ҩ-нызықь кубометр инареиҳаны абӷанҷ, аха  анышәаԥшь злоу адгьыл аӡы алалара ахьазыцәгьоу инамаданы, абӷанҷ аҿыгҳара ацаҳҵар акәхоит. Аҵыхәтәантәи ахыркәшаратә етапны иҟалоит аҳаскьын алаҵареи ашәҭранқәа рҿы ашәҭқәа реиҭаҳареи», -ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «СтройДом 2022» Ҭҟәарчал ақалақь аҿы хә-еихагылакны иҟоу аҩны ахыб аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа хнаркәшоит.  

Горки имҩала игылоу аҩнеихагыла №1 ахыб 20 шықәса раахыс аиҭашьақәыргылара амбаӡацызт. Иҳараку ацәаакыра, лассы-ласы ақәоурақәа ирыхҟьаны – ажәытә шифер ԥҽит, ауаа рынхарҭақәа рахь аӡы кылсуа иалагеит. Ҭҟәарчал араион анапхгараҭара аганахьала  ари аҩны аҿы инхо ахыб аиҭашьақәыргыларазы иҟарҵоз аҳәарақәа хшыҩзышьҭрада иаанымхаӡеит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. “Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара” адиректор Хада Даур Арӡынба атәыла аԥыза-министр урыстәылатәи аилазаара “Амшынеиқәатә круизқәа” алархәны акруизтә проект анагӡара ахацыркра азы адырра иҭеит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Ахәаша, рашәараза 23 азы, акруизтә ԥхараныҟәаӷба «Князь Владимир» Аҟәатәи амшынтә баӷәаза ахь аԥышәа-гәаҭаратә реис мҩаԥнагеит. Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәареи Аԥсны аҳәаахьчаратәи аҳазылхратәи амаҵзурақәа аус рыцура  иабзоураны апассаџьырцәа аӷба рҭалареи рҭыҵреи раан ргәаҭара амеханизмқәа еиқәыршәоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит. 

«Хазхаҭалатәи арратә еилахәыра (ХАЕ) «Вагнер» арратә қәгыларазы аҽазышәара инамаданы, адырра ҟасҵоит мҽхакы ҭбаала Урыстәылатәи Афедерациа Ахада – Арбџьар мчқәа иреиҳаӡоу рыдҵаҟаҵаҩ Владимир Владимир-иԥа Путин азакәантә леишәа ашьақәыргыларазы имҩаԥиго акурс ҳшадгыло азы.

Агәра згоит Урыстәыла Ахада Владимир Путин игәаӷьреи иҟәыӷареи ирыбзоураны Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциеи азакәанқәеи инарықәыршәаны аҵыхәтәантәи амшқәа рзы имҩаԥысуа ахҭысқәа қәҿиарала ишхыркәшахо.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны ҳаҭыр зқәу аконсулреи есымша аимадара рыбжьоуп. Уи иабзоураны абарҭ асааҭқәа рзы Аладатәи Афедералтә Округ аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рганахьала аоперативтә информациа аиуоит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иаҭаххоны иҟалозар,  Аладатәи Афедералтә Округ иҟоу ҳастудентцәеи егьырҭ ҳџьынџьуааи Рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәраҿы ацхыраара рыҭара иазхиоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит.  

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵа ала атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра хаҭалатәи аилазаара зегьы, аиҳарак аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.

Абри атәы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит асабша, рашәарамза 24  рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ  Руслан Ажьиба, аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, Ирласны анырра аҭара азы иҷыдоу Аотриад акомандаҟаҵаҩы Дадын Чачхалиа, аминистр ицхырааҩ Баҭал Агрба, акадрқәа рнапхгараҭара аусбарҭа анапхгаҩы Алиас Шьынқәба.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.