pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза  5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьетнҭыҵтәи асоциалтә фондқәа рахь абгаԥсатә лагалақәеи ашәатәқәеи рзы» Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

«Зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакрақәа анапхгаратә еимадара Агентра, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, уҳәа рыруаа рԥаратә џьаԥса аҟынтәи абгаԥсатә шәатәқәа рыҟаҵара иақәиҭызтәуа анорма ашьақәыргылара иазырхоуп», – ҳәа аусшәҟы адгалара мҩаԥго иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ихаҭарнак Анри Барцыц.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аелектронтә шәаратә хархәагақәа рхархәарала амилаҭтә шәаратә система азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Ари азакәан апроект Амилаҭтә шәаратә Система ишахәҭоу ала аиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны Абанк ала еиқәыршәоуп.  Ари азакәан апроект АԤРА аԥҵаҩы аҳасабала Аԥсны Абанк Амилаҭтә шәаратә Система аԥҟарақәа реиқәыршәареи рышьақәырӷәӷәареи  рзы аҷыдалкатә зин шьақәнарӷәӷәоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 5 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути  Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр истатс-маӡаныҟәгаҩ-ихаҭыԥуаҩ - Игорь Зубови русуратә еиԥылара.  

Роберт Киути Игорь Зубови азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, урҭ иреиуоуп:

2021-2023 шш. Аминистррақәа русеицура Апрограмма анагӡара;

Аҟәа ақалақь аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҩганктәи аинформациа-координациатә Центр аргылара; 

аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы ацәгьоурақәа рҿагылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аԥхьырҟәҟәаареи рганахьала аусеицура;

аусеилыргаратә усбарҭақәеи аӡбарҭақәеи рҟынтәи зыҽӡаны иҟоу ахаҿқәа рыԥшаареи, иара убас акурорттә аамҭахәҭа азы урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаареи.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути  Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр истатс-маӡаныҟәгаҩ-ихаҭыԥуаҩ - Игорь Зубови русуратә еиԥылара.

Аганқәа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, урҭ иреиуоуп: 2021-2023 шш. Аминистррақәа русеицура Апрограмма анагӡара, Аҟәа ақалақь аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҩганктәи аинформациа-координациатә Центр аргылара;  аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы ацәгьоурақәа рҿагылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аԥхьырҟәҟәаареи рганахьала аусеицура; аусеилыргаратә усбарҭақәеи аӡбарҭақәеи рҟынтәи зыҽӡаны иҟоу ахаҿқәа рыԥшаареи, иара убас акурорттә аамҭахәҭа азы урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаареи.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡҩыбжьа ақыҭан Кәыдры аӡиас аҿы аӡышьҭрарҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит. 

Шьаҭынкылатәи аргылара Аусбарҭа атехникатә хылаԥшра аҟәша анапхгаҩы Саид Саманба ажурналистцәа дрыҿцәажәо, аӡиас ахыҵра аԥхьырҟәҟәаара азы аӡышьҭрарҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Аусурақәа абар шьҭа хымз ирылагӡаны имҩаԥысуеит. Иарбоу аусурақәа рҵакыра  2 км. иреиҳауп, уи аҭбаара - 200 метра рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.  

Арҭ аусурақәа рынагӡаразы Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иазоужьхеит 60 млн мааҭ.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса фымз ирылагӡаны Амилаҭтә шәаратә система аикәыршара 13 млрд 978 млн. мааҭ  рҟынӡа инаӡеит, уи 2022 шықәса актәи азыбжа азы иҟаз арбагақәа раасҭа 15 % рыла еиҳауп. Абри азы Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭалиа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб адырра ииҭеит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озгани Владимир Делбеи.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа Афон Ҿыц, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда ақалақьқәеи Цандрыԥшь аҳаблеи рҿы аплиажқәа ргәаҭара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан иаатит афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пункт. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит араион ахада Алхас Ҷыҭанаа, ахада ихаҭыԥуаҩ  Фарад Микаелиан, араионтә поликлиника аҳақьым хада Андреи  Ҭыжәба.

Иашҭхәа ақыҭан инхоит 2300-ҩык. Акыраамҭа ҵуеит апункт аус амуеижьҭеи, убри азы анхаҩцәа рхала ақалақь ахь ицар, мамзаргьы ирласы амедицинатә цхыраара иаԥхьар акәхон. Аҟәа араион ахадара абиуџьет ахарџь ала ахыбра аиҭашьақәыргылареи иаҭаху амаҭәахә аахәареи мҩаԥган.

Алхас Ҷыҭанаа ипункт зегьы рымчқәа еилаҵаны аартра алыршахеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Амилаҭтә Банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи Амилаҭтә Банк Гонконгктәи жәларбжьаратәи анумизматикатә хәаахәҭратә цәыргақәҵа алахәхара атәы рзеиҭеиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Беслан Бараҭелиа аусмҩаԥгатә апрограмма аусуратә хәҭа, иара убас аукционтә хәҭа ихы алаирхәит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 7 – 9 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Ԥхынгәымза 7

Асааҭ 19:00 рзы  – Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы, аколлонада азааигәара имҩаԥгахоит урыстәылатәи аестрада артистцәа Дмитри Маликов, Анна Семенович, Дариа Антониук рконцерт.  Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит  - Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны».

Ԥхынгәымза 8

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.