Аҟәа. Жәабранмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион ажәытә ӡымҩангага аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахеит. Ари аӡымҩангага иҟалаз адгьылҳәазара иахҟьаны ҭыԥқәак рҿы ихжәеит.
Иҟалаз аиԥҟьара иахҟьаны жәамш инареиҳаны ӡрыжәтәда иаанхеит Лыхны ақыҭа, аихамҩатә вокзал, Гаграа рымҩала инхо 300-ҩык инарзынаԥшуа аҭаацәа.
Аӡымҩангага ахь анеира уадаҩны иҟан. Аӡымҩангага ахьыԥжәаз аилкааразы аӡиас аӡышьҭра аԥсахразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аӡымҩангага ахьыԥжәаз анеилкааха ашьҭахь аспециалистцәа зыгәҭаӡа 500 мм. рҟынӡа инаӡо ф-метрак рҟынӡа ашәыра ҿыц шьҭарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гәдоуҭа араион Ахадара.