Аԥсаатә рҭахара зыхҟьаз
Аҵарауаҩ ишазгәеиҭаз ала, аӡынтәи аамҭа аԥстәқәеи аԥсааәқәеи рзы зегьы реиҳа иуадаҩу аамҭаны иҟоуп, убри аҟнытә раԥхьа иргыланы иажәу, зымч кәадахаз, мамзаргьы ичмазаҩу роуп иԥсуа. «Массала» рҭахара атәы ҳҳәозар, ус еиԥш ахәшьара асубиективтә ҟазшьа амоуп, иара асоциалтә ҳақәа ирласны русура, аинформациа еимга-еимцарак ала аларҵәара иадҳәалоуп. «Иаҳбалоит есышықәса аӡын амзақәа рзы, иаҳа иахьԥхароу ҳәа аԥсаатәқәа еизоит. Амшын аҟәараҟны еиҳарак иԥхарроуп, аԥсыӡгьы еизоит. Насгьы аԥсаатә амҩасра аамҭазы ақәра змоу аныҟоу, иара хыԥхьаӡара рацәалагьы ианеиқәшәо, иаҳа ачымазарақәа ҿиоит. Амшын аԥшаҳәа ҭыԥқәак рҿы, шәнызықьла аԥсаатә ахьтәо жәаҳәарада иҭахаз аԥсаатә хыԥхьаӡарагьы духоит, иаагозар, Кәыдры аӡиас амшын аӡалаларҭа иахьаҵанакуа шәара ижәбаӡом ирацәаны иԥсыз аԥсаатә, избан акәзар, ичмазаҩуи зымч каԥсази аԥсаатә аԥсабараҿы асанитартә роль назыгӡо агыгшәыгқәа ирыхәхоит. Ақалақь азааигәара иҟоу аҭыԥқәа рҿы иарбоу аекологиатә еимадара еиԥҟьоуп, убри инамаданы ҳара лассы-лассы ҳаблала иаабоит аԥстәқәа гәаҟрыла рыԥсра иадҳәалоу, аиҳарак адраматә ҟазшьа змоу аԥсабаратә цәырҵрақәа. Даҽа мзыскгьы ыҟоуп– уи ачымазарақәа рылаҵәара ауп.
«Урҭ еиуеиԥшым ачымазарақәа ракәхар ауеит. Ҳара уажәы инҭкааны иҳазҳәашам иарбан рыуоу урҭ. Уи авирустә ҿкы чымазарақәа ракәзар ҟалоит, мамзаргьы абактериалтә, апаразитартә, уҳәа. Урҭ роуп аиҳарак хыԥхьаӡара рацәала аԥсаатә реизакраан, мамзаргьы аӡынра ахгараан аԥсаатә рымч акаԥсареи ирыхҟьаны ицәырҵуа. Дарбанызаалак анхаҩы, акәты-акәҷышь зааӡо идыруазар ҟалап, аамҭа-аамҭала аҩнытә ԥсаатәгьы ачымазара шрылало. Иаагозар, аҩнытә ԥсаатә алаҵа рзыҟоуҵар, мамзаргьы ахәшәқәа рыла иухәышәтәыр алшозар, аԥсабараҿы уи аҟаҵара залшаӡом, убри аҟнытә аамҭа-аамҭала аԥсаатәқәа рҭахара ҟалоит, аха убри аан, зыԥсы ҭаны иаанхаз аԥстәқәа еиҳа иӷәӷәоу аиммунитет рыманы иҟалоит, уи дара анаҩс ирхылҵуа рахь ииасуеит», - ҳәа инациҵеит иара.
Иҟаҵатәузеи
Аԥсны аекологиа Аинститут адиректор игәаанагарала, ақалақьтә плиажқәа рҿы амуниципалтә маҵзурақәа аветеринартә маҵзура ишьақәныргылаз аԥҟарақәа рыла иԥсыз аԥсаатәқәа рықәгара алдыршароуп. Ақалақьқәеи аҳаблақәеи рыплиажқәа рынҭыҵ, аԥсабара аҿы ԥсабарала аутилизациатә процесс мҩаԥысуеит. Зымч кәадахаз, мамзаргьы иԥсыз аԥсаатә ауаа реиԥш аҩнытә ԥстәқәеи ирфар ҟалаӡом. Насгьы, жәаҳәарада, аԥсабараҿы имҩаԥысуа ацәырҵрақәа рзы адыррақәа рмониторинги реизгареи анаҩстәи анализ аҟаҵареи хымԥадатәиуп.