АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2024

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр хаҭала ихылаԥшрала Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит ареидтә усмҩаԥгатәқәа.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут хаҭала ихылаԥшрала ареидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа жәабанмза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Автоҳәынҭинспекциеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аоперативтә ҟәшеиҵақәеи русзуҩцәа ареспублиа зегьы иахьаҵанакуа аред мҩаԥыргеит, аиҳаак ахшыҩзышьҭара аҭан аҳҭнықалақь Аҟәа.

Автоҳәынҭинспекциа ахылаԥшра азҭо аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа ахатәы еилазаара аиҳарак  ижәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа раанкылара  алдыршаларц азы адҵа риҭеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара ижәны, мамзагьы арҩшьыгатә маҭәашьар зыдкыланы амашьына аԥсҟы зку раарԥшреи раанкылареи ҷыдала ахшыҩзышьра аҭара азы адҵа ықәнаргылеит.  Ареид амҩаԥгараан жабранмза 19 рзы иаарԥшхеит 20 инарзынаԥшуа  зсаркьақәа рыԥшшәыхәыркра анормақәа еилагаз автотранспорттә хархәагақәа, урҭ зтәыз автомашьынарныҟәцаҩцәа зегьы ахараԥса дыршәахоит, аилагара аҭыԥаны иаԥыхуп.

Амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит. Уи зыхҟьо афакторқәа рҟынтәи зегьы реиҳа ихадоу  – амашьына аԥсҟы зку амҩатә ԥҟарақәа ахьеиларго, ижәны амашьына иахьақәтәо, иара убас  аҵыхәтәантәи аамҭазы амҩадуқәа рҿы амашьынақәеи амашьынарныҟәцаҩцәеи рхыԥхьаӡара аизҳареи ауп.  Иаагозар, 2023 шықәсазы мацара, иҟоу адыррақәа рыла, амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа роуит  1872-ҩык.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа ҵхабжьонынӡа имҩаԥыргон. Азинхьчаҩцәа русура иалҵшәаны амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы 87 ԥкаанҵа  еиқәыршәахеит, жә-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы  шықәсыбжак ҳәа амашьына арныҟәцаразы азин рымхуп.  

Ареидтә усмҩаԥгатәқәа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵа инақәыршәаны амҩатә ԥҟарақәа реилагара аганахьала аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алыршахаанӡа имҩаԥгалахоит. Аусмҩаԥгатәқәа рхықәкы хаданы иҟоуп атәылауаа рыԥҭазаара аиқәырхареи амҩа иану зегьы ршәарҭадара аиқәыршәареи.


Read 237 times - Аҩаша, 20 Жәабран 2024 21:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.