pressadmin-2
ЖӘАБРАНМЗА 25 РЗЫ МАРКӘЫЛА АҚЫҬАН ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП АРРА-ҬОУРЫХТӘ ЕКСПЕДИЦИА «АХЬӠ-АԤША АМҨАҚӘА РЫЛА».
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 25 рзы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи Аԥснытәи ар Мрагыларатәи афронт аҿы ахьчаратәии ажәыларатәии аибашьрақәа 30- шықәса ахыҵра иазкны Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан арра-ҭоурыхтә експедициа «Ахьӡ-Аԥша амҩақәа рыла» еиҿнакаауеит.
Аекспедициа апрограмма аҿы иҟоуп:
1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи ақыҭеи араиони рактиви, Маркәылтәи абжьаратәи ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рԥылара;
Аԥсны ахьыԥшымра зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟақәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара;
АГРОССМЕИСТЕР ПАВЕЛ СМИРНОВ АШАХМАТТӘ ФЕСТИВАЛЬ «АԤСНЫ. ТАМШЬ-VILLAGE 2023Ш» АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан ихыркәшахеит 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз Жәларбжзьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2023ш.»
Афестиваль Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы адгыларала имҩаԥысит. Аԥсны Амилаҭтә Банк Тамшь иалҵыз ԥшьҩык Аԥсны Афырхацәа – Асҭан (Заза) Занҭариа, Аслан Занҭариа, Даур Занҭариеи Сҭеԥан Занҭариеи ргәалашәара ахьӡала иҷыдоу аҳамҭақәа аԥнаҵеит.
Атурнир хада рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьи Урыстәыла ақалақьқәеи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа ашахматасыҩцәа.
Акемпинг «Тамыш-Village» аколлектив аицлабрақәа рымҩаԥгаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара алнаршеит. Ашахматасыҩцәа ахәмаррақәа мҩаԥыргон иҭбааҭыцәу, иманшәалоу, аԥхара зыҩноу ауадақәа рҿы. Асоура шыҟазгьы, ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи даара ибзианы рхы рбон, ргәалаҟазаарагьы бзиан.
Актәи аҭыԥ ааникылеит Павел Смирнов (ақ. Кисловодск), аҩбатәи – Арсени Несторов (ақ. Нижни Новгород), ахԥатәи – Давид Закариан (ақ. Шәача).
Амилаттә реитинг змоу ашахматасыцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Ҭемыр Шанаа (ақ. Очамчыра), аҩбатәи – Трисҭан Кәарацхьелиа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи – Артиом Табариан (ақ. Аҟәа).
МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ Ҩ-ТӘЫЛАУАҨРАК АИУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА РЫӠБАРАЗЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРА АЗЫ АКОНСУЛЬТАЦИАҚӘА
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳә́ынҭқарратә Дума адепутатцәеи рыбжьара ҩ-ҳәынҭқаррак ртәылуаҩра аиура иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы Аԥсни Урыстәылаеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара атема ала аконсультациақәа мҩаԥысит.
Хара имгакәа Аҳәынҭқарратә Дума аҿы иарбоу Аиқәшаҳаҭра аратификациа мҩаԥысраны иҟоуп. Аԥсны ари Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит ԥхынҷкәынмза 30, 2022 шықәса рзы. Аиқәшаҳаҭра азинмчы аиуоит аратификациатә шәҟәқәа реимадара ашьҭахь.
Аиқәшаҳаҭра азинмчы анаиулак ашьҭахь Урыстәыла атәылауаҩрахь рыдкылара аҭагылазаашьақәа ҳәаақәҵахоит Ур
АСЛАН БЖЬАНИЕИ РАШИД НУРГАЛИЕВИ АШӘАРҬАДАРА АГАНАХЬАЛА АԤСНЫ-УРЫСТӘЫЛАТӘИ АУСЕИЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.
Аиԥылара аҿы ашәарҭадара аганахьала аԥсны-урыстәылатәи аҩганктәи аусеицуреи актуалра злоу амшхәаԥштәи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
АМАССАТӘ ИНФОРМАЦИА АХАРХӘАГАҚӘА РЫМАДАРА АЗЫ АУСБАРҬА АУААԤСЫРА ИҴАБЫРГЫМ АИНФОРМАЦИА РХЫ ИАДМЫРХӘАРЦ АЗЫ АБЖЬГАРА ҞАНАҴОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа аҵыхәтәантәи аамҭа азы еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәеи асоциалтә аҳақәеи рыла аларҵәара зауз, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа ицара ахықәкыс иамоу азы иҵабыргым аинформациа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. ***
Жәабранмза 14 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит. Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҟны аиԥыларақәа мҩаԥигоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра уи азы аинформациа ианаамҭаз рыҭара Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саити егьырҭ аҳәынҭқарратә информациатә ресурсқәеи рыла иалыршахеит.
Аха уи инашьҭарххны, еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәеи аинтернет-ресурқәеи рҿы Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа атерриториа алалара ҟалар алшоит, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны уи астатус алацәажәара мҩаԥысуеит ҳәа иҵаҵӷәыдоу аинформациатә дыррақәа рыларҵәара ҟалеит. Рыцҳарас иҟалаз, Аԥсныгьы, ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы уахь иналаҵаны, џьоукы-џьоукы арҭ адыррақәа рыларҵәара иалагеит.
Иџьоумшьар залшом, хыхь иарбоу атәылауааи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи аӡәгьы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа ахь Аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа иусуратә визит ахықәкқәа рзы алаҵәара зауз аинформациа азы изеиԥшразаалак аилыркаарақәа раиуразы иадымҵаалаӡеит.
ТАМШЬ ИМҨАԤЫСУА АШАХМАТТӘ ТУРНИР АУСУРА ИАЦНАҴОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар хымшуп Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны Жәларбжзьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2023» мҩаԥысуеижьҭеи.
Раԥхьатәи ҩымш ирылагӡаны еицлабуан 9, 11,13 шықәса зхыҵуа қәратә категориақәа ирыҵанакуа аспортсмен ҿарацәа.
Амҽыша, жәабранмза 19 рзы аицлабрақәа мҩаԥысуан аиҳабацәа рыбжьара. Атурнир аӡбаҩ хада - Оҭар Хәырхәмал.
Атурнир ацашьа гәеиҭоит Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи Афедералтә Округ ашахматқәа Рфедерациа апрезидент, жәларбжьаратәи арбитр Николаи Ширшиков.
Аԥснытәи аспорсменцәа рнаҩс атурнир рхы аладырхәуеит Урыстәыла - Москва, Татарсҭан, Чечентәыла, Краснодартәи атәылаҿацә рҟынтәи аспортсменцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп еицырдыруа агроссмеистерцәа, жәларбжьаратәи аспорт азҟазацәа.
Атурнир аартра иазкыз аофициалтә церемониа рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи Аиҳабы Ныгәзар Ашәба, аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, аветеранцәа рыбжьара асамбо азы изныкымкәа адунеи ачемпион Борис Багаҭелиа, Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Беслан Кубраа, акемпинг "Тамшь VILLAGE" адиректор Константин Новиков, аспорттә уаажәларра.
Атурнир алахәалацәа ирыдныҳәалеит ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаршьеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба.
АԤСНЫТӘИ АСПОРТСМЕНЦӘА КАРАТЕ КЕКУСИНКАИ АЗЫ ВОЛГОГРАДТӘИ АԤХЬАХӘГАРА «СТАЛИНГРАДСКАЯ БИТВА» АҞНЫ 15 МЕДАЛ РАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 18 – 20 рзы Волгоград ақалақь аҿы имҩаԥысуеит иаарту ачемпионати карате кекусинкаи азы Волгоградтәи аобласт аԥхьахәгареи «Сталинградская Битва» .
Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Урыстәыла арегионқәа 9, иара убас Аԥсни рҟынтәи 200-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Аԥсны ахьӡала иқәгылоит 18-ҩык Агәыӡера аҳаблеи Очамчыра ақалақьи рҟынтәи Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа аҟәшақәа аспортсменцәа.
Аԥснытәи аспортсменцәа иранашьахеит еиуеиԥшым аҭыԥқәа шааныркылаз азы 15 медал, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Агәыӡера аҳабла аҟынтәи Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа аҟәша аспортсменцәа ахьтәы медалқәа быжьбеи араӡны медалки ранашьахеит.
Актәи аҭыԥқәа ранашьахеит: Давид Аџьынџьал, Лера Џьалаӷониа, Роберт Карапетиан, Алеқсандра Павлова, Елина Глушкова, Руслан Карапетиани Арианна Мартиросиани.
АЛИК МИНАСИАН АԤСНЫ АЕРМАНЦӘА РЕИЛАЗААРА АХАНТӘАҨЫС ДАЛЫРХИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа акультура Аҩны аҿы Аԥсны аерманцәа Реилазаара аизара Ду мҩаԥысит.
Аизара Ду алагаанӡа аделегатцәа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Амшхәаԥштә иалагалан азҵаарақәа ҩба: 3 шықәса ирылагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырбеи ауаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы иалхреи.
Аерманцәа Реилазаара аизара Ду ааиртит Ахеилак алахәыла Хачик Минасиан. Иара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы аԥхьаразы ажәа ииҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Афырхаҵа Галуст Трапизониан Аԥсны аерманцәа Реилазаара ахантәаҩы имаҵураҭыԥ аҿы ламысцқьала аус ауразы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы аерманцәа Реилазаара Аԥсны аҿиара, уи аҳәынҭқарратә шьақәгылашьеи атәылауаҩратәии амилаҭбжьаратәии аҳәоуеиқәшәареи рырӷәӷәареи аҿы алагала ду алоуп ҳәа иазгәаҭоуп.
Аԥсны аерманцәа Реилазаара ахантәаҩы Галуст Трапизониан аиҿкаара аизара Дуқәа рыбжьара (2020 - 2022 шш.) аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит. Уи ҷыдала иазгәеиҭеит аиҿкаара аусура Аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәара ацхыраара аҭара раԥхьа иргыланы, есымша Аилазаара аԥҟаԥҵәа иарбоу ахыдҵақәа рынагӡара иазырхоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи еизаз иргәалаиршәеит аерманцәа реилазаара ахаҭарнакцәа 1992 – 1993 шш. Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аан аԥсуа жәлар ирывагыланы ишеибашьуаз. Аӡәырҩы аҳәынҭқарратә орденқәеи амедалқәеи ранашьоуп.
АШАХМАТТӘ ТУРНИР «АԤСНЫ. ТАМШЬ-VILLAGE – 2023 Ш.» АҾЫ АҚӘРАТӘ КАТЕГОРИАҚӘА 13 ШЫҚӘСА ЗХЫМҴӠАЦИ 11 ШЫҚӘСА ЗХЫМҴӠАЦИ ИРЫҴАНАКУА РЫБЖЬАРА АИААИРА ЗГАЗ АЛКААХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар ҩымшуп Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМЫШ-VILLAGE – 2023» мҩаԥысуеижьҭеи.
Аҩбатәи амш азы атурнир рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи, иара убас Алада Урыстәыла арегионқәеи Татарсҭан Ареспубликеи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа 13-шықәса зхымҵӡац аспортсмен ҿарацәа.
13 - шықәса зхымҵӡац аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи – Арсени Пономарев (ақ. Славянск-на-Кубани), ахԥатәи – Аслан Хамидуллин (ақ. Казань).
13 – шықәса зхымҵӡац аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Алеқсандра Аҩӡба (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи – Николь Карапетиан (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи – Алеқсандра Демуриа (ақ. Очамчыра).
11 – шықәса зхымҵӡац аҷкәынцәеи аӡӷабцәеиа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:
Актәи аҭыԥ – Дамир Ҳалуашь (ақ. Гәдоуҭа), Мадина Мабаракшина (ақ. Казань);
ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АОППОЗИЦИА АХАҬАРНАКЦӘЕИ АРАИОН АУААԤСЫРЕИ РЕИԤЫЛАРА.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь акультура Аҩны аҿы аоппозициатә паолитикатә мчрақәа рхадацәа иреиуоу, ауаажәларратә еидгылара «Аԥсны жәлар реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи араион ауааԥсыреи реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара Аԥсны ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкын. Уи рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, араион анапхгара ахаҭарнакцәа, Гәдоуҭатәи араионтә Еизара адепутатцәа, атәыла ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩцәа.
Лықәгылара аҿы Леон иорден занашьоу Фениа Аҩӡба, Аԥсны апроблемақәа даара ирацәоуп, уимоу есааира ирыцлоит ҳәа иазгәалҭеит. Фениа Аҩӡба лажәақәа рыла, лара ауалафахәы ду даҳәаӡом, ианамуӡах ианаамҭоу алашареи аӡи ҟаларц ауп илҭаху.
Дәрыԥшь ақыҭа абыргцәа Рхеилак алахәыла Анатоли Тәанба, аиԥылара аҿы дықәгылауа, Аԥсны 30-шықәса раахыс ҩ-мчрак аҳра руеит – аоппозициеи атәыла анапхгареи, иаргьы урҭ еиԥшны дырзыҟәоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ахәқәа ессааира иазҳауеит. Атәыла аиҳабыра абылтәы адефицит ҟарҵеит, иара убри иахҟьаны иаалырҟьаны абылтәи ахьшьтәи рыхәқәа акыр иазҳаит. Ари уаанӡагьы имариамыз ажәлар рҭагылазаашьа акыр иаруадаҩит, еиҳа-еиҳа иӷархо иаауеит», - ҳәа иҳәеит Анатоли Тәанба.
Уи иара убас амаининг азҵаарагьы дазааҭгылеит. Иара иажәақәа рыла, амаининг «злаҽны» иҟоу аиҳарак ачынуаа роуп, иҟаз атәыла анапхгара ахаҭарнакцәагьы уахь иналаҵаны. Анатоли Тәанба иара убас Адгәыр Арӡынба атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс, аекономика аминистрс даныҟаз аамҭазы акриптовалиута арҳара дадгылон ҳәа иазгәеиҭеит.
Анатоли Тәанба адемографиа азҵаара далацәажәо атәыла аҿы ииз раасҭа иԥсқәаз рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳахеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Ԥыхьатәи Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара амедал занашьоу Валери Аршба абзеира аганахьала аиҭакрақәа ыҟаны ибом ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аҵыхәтәантәи хы-шықәса ирылагӡаны ара еизаз шәаргьы ҳаргьы, Аԥсны инхо егьырҭ атәылауаа аӡәырҩи ҳарзыԥшын аекономика ареалтә сектор, асоциалтә усхкы уҳәа рҿы хра злоу аиҭакрақәа, истандартәым ареформақәа рыдкылара, иара убас атәыла аҩныҵҟа азинеиҿкаареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара», - ҳәа иҳәеит Валери Аршба.
Уи иажәақәа рыла иара ахаангьы аоппозициа аҿы дыҟаӡамызт.
«Сара есымша схатәы позициа сыман – уи азакәани азинеиҿкаареи роуп. Иахьа азин сымоуп схатәы гәаанагара аҳәара, избан акәзар ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба дуӡӡа ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы сивагылан.
Уи еизаз иргәалаиршәеит ихьыԥшым Аԥсны даара ауадаҩрақәа ирылҵны шьаҿа-шьаҿала, еилыбгаз аекономика еиҭашьақәыргыло, асоциалтә ухкы шьҭыхуа, ихьыԥшым аполитикатә статус ахьчара алыршо ԥхьаҟа ишцоз.
Уи зегьы ахатәы мчқәеи аресурсқәеи рыла имҩаԥысуан.