Аҟәа. Жәабранмза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» азакәан аԥсахрақәа ралагалара алацәажәара иазкын Алхас Барцыц ихантәаҩрала имҩаԥысыз жәларбжьареи, апарламентбжьареи, аџьынџьуаа рымадареи ирызку апарламенттә Еилакы аҟны имҩаԥысыз инарҭбаау аилатәара, ҳәа иаанацҳауеит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Аилатәара рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарлаент аҿы Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак Баҭал Аибеи аиустициа аминистр Анри Барцыци.
Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны иаднакыло аиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩра ҟалаанӡа урҭ Жәлар Реизара ардырра. Убри инамаданы адепутатцәа ажәалагара ҟарҵеит аратификациа иаҵанамкуа аиқәшаҳаҭрақәа ареспублика азакәан иазыԥхьагәанаҭо аԥҟарақәа рыда аҽа ԥҟарақәак рышьақәыргылара алмыршазарц.
Иара убасгьы иалацәажәан жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа Апарламент ахь рнагара аҿҳәаратә аамҭа.
Аилацәажәара ашьҭахь Аилак алахәылацәа ирыӡбеит Апарламент иааиуа асессиаҿы азакәан апроект аҩбатәи аԥхьарала адкылара адыргаларц.