АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жәабран.2024

2024-тәи ашықәс Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа культуреи алитературеи иналукааша аусзуҩ Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса азгәаҭара аҳаҭыр азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2024-тәи ашықәс Аԥсны Ареспублика аҿы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа ишықәсны алаҳәара азы Аусԥҟа  ҭижьит.

Аусԥҟа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аԥсуа ҩыратә литература ауасхыршьҭаҵаҩы, ашәҟәыҩҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи  150-шықәса аҵра иаҵоу иреиҳаӡоу ауаажәларратә ҵакы инамаданы ишьақәсырӷәӷәоит: 2024-тәи ашықәс Ареспублика Аԥсны Дырмит Гәлиа Ишықәсны ирылаҳәазааит».

Дырмит Гәлиа – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, апатриарх, апоет, аполитикатә усзуҩ, хашҭра иқәымқәа  аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы даанхеит, уи аԥсуа культуреи алитературеи рыҿиара аҿы илагала ахә ашьара уадаҩуп. Аԥсны аҭоурых, акультура, абызшәа, аԥсуа жәлар рытрадициақәа, уҳәа ирызкны инапы иҵыҵыз иара иусумҭақәа аԥсуа ҩыратә литература аҿиара ауасхыр шьҭарҵеит.

Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа Ишықәс амҩаԥгара азы Аусԥҟа  анапаҵыҩра – иналукааша арҿиаҩы, арккаҩы ду иҭынха аҳаҭыр ақәҵареи аԥсуа культуреи алитературеи абеиарақәа зегьы еиҵагыло абиԥарақәа рзы аиқәырхара иаҵоу аҵакы ахадара агәаларшәареи ирызкуп.


Read 100 times - Амҽыша, 25 Жәабран 2024 16:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.