АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жәабран.2024

202 млн. мааҭ иреиҳахеит 2023 шықәсазы Аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура ала инагӡаз аԥара аршәарақәа рзеиԥш еицҵалыҵ.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2017 шықәса инаркны Аԥсны аус ауеит аиустициа Аминистрра аҟәшеиҵаны иҟоу Аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура.

2023 шықәса аҩныҵҟа Аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура ала инагӡаз аԥара аршәарақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 202 648 294 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, егьырҭ ашьаҭақәа рыла иаанкылоу, мамзаргьы ихыркәшоу анагӡаратә усеиҿкаарақәа рзеиԥш еицҵалыҵ –  80 939 795 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Абри азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟны иҳаҩсыз ашықәс азы аҳасабырба ҟаҵо адырра ииҭеит атәыла аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Аминистр иара убас иарбоу Амаҵзура аусура ианалага инаркны иҟаҵаз алагалақәа рырбагақәа ааигеит. Убас ала:

2017 ш. – 6 312 375 мааҭ,

2018 ш. – 38 246 592 мааҭ,

2019 ш. – 34 498 951 мааҭ,

2020 ш. – 29 026 102 мааҭ,

2021 ш. – 51 715 317 мааҭ,

2022 ш. – 218 655 693 мааҭ.


Read 86 times - Амҽыша, 25 Жәабран 2024 17:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.