АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жәабран.2024

ААУ акоманда Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имшныҳәа иазкны имҩаԥгаз ашахматқәа рзы атурнир аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, жәабранмза 20 рзы Аҟәа ақалақь иҟоу Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аҿы Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имшныҳәа иазкны акомандатә шахматтә турнир мҩаԥыргеит.

Аусмҩаԥгатә еиҿкаахеит Москва Анапхгара, Москва ақалақь жәларбжьаратәи адәныҟаекономикатәи аимадарақәа Рдепартаменти Москватәи аидгьылуаа Рыҩни иҟарҵаз адгылара иабзоураны.

Атурнир зынӡа рхы аладырхәуеит 16 командак.

Аиааира згаз аҳаҭыртә шәҟәқәа, амедалқәеи ахраҿақәеи ранашьахеит.

Акомандатә еицлабрақәа рҿы аиааира ргеит:

  1. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет,
  2. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа.
  3. Аҟәатәи афизика-техниатә Институт.

Хазхаҭалатәи азшьа аҿы зегьы иреиӷьхеит:

  1. Гравин Иван,
  2. Антелава Лаврик,
  3. Кимкетов Едуар.

 


Read 96 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.