АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жәабран.2024

Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» Гәдоуҭа ақалақь аҿы аусура иалагеит.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» жәабранмза 23-24 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит. Уи Гәдоуҭа араион аҟынтәи арҵаҩцәа урыстәылатәи рколлегацәеи иҿыцу арҵаҩратә методикақәеи рбара азы алшарақәа рзаԥнаҵоит.

Аинтерактивтә урокқәа раҳасабала ишьақәгылоу раԥхьатәи амастер-классқәа Гәдоуҭа ақалақь 2-тәии 3-тәии ашколқәа рҟынтәи  ашколхәыҷқәеи  арҵаҩцәеи алархәны имҩаԥысуеит.

Москва ақалақь ашкол № 1259 ахимиа арҵаҩы, апедагогикатә наукақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Владимир Головнер  иарбоу аусмҩаԥгатә азы игәаанагара иҳәеит.

«Ари уажәы шьҭа Аԥсны аҵара Аминистрреи арегионбжьаратәи ашкол «Ашықәс арҵаҩи» русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа ахәбатәи жәларбжьаратәи ашкол ауп.  Раԥхьа ҳара 2022 шықәсазы Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа иааԥхьарала ари апроект Аԥсны инаҳагӡеит.  Ҳара усҟан Урыстәылантәи иааҳгеит 60-ҩык арҵаҩцәа, аԥснытәи ҳколлегацәа аԥышәа ҳамардеит, уи Аҟәа ақалақь аҿы ауп иахьымҩаԥысуаз. Уажәы ҳара ари аусмҩаԥгатә абар шьҭа ҩы-шықәса инеиԥынкыланы иааиԥмырҟьаӡака  имҩаԥаагоит. Ҳара иааҳгеит аҭоурых, аматематика, афизика, уҳәа амаҭәарқәа рзы арҵаҩцәа. Ҩымштәи апрограмма иалагӡахоит арҵаҩцәа рыбжьара аметодикатә программақәеи иаарту аурокқәеи», –  ҳәа иҳәеит иара.


Read 260 times - Асабша, 24 Жәабран 2024 19:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.