pressadmin-2
ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА ХАТӘГӘАԤХАРАЛА ДОНБАСС ЕИБАШЬУАЗ РЫԤСЫБАҨ АԤСНЫҞА ААГАРА ЕИҾНАКААУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа инапхгарала Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз ҩыџьа Аԥсны атәылауаа рыԥсабаҩ Аԥсныҟа раагара азы Донецктәи Жәлартә Република ахь амҩа иқәлеит.
«Ҩыџьа ҳтәылауаа ԥхынҷкәынмза анҵәамҭа 2022 шықәсазы Донецктәи Жәлартә Республика ахақәиҭтәра азы иҭахеит.
АԤСНЫ ЕИЗГОУ АКОМАНДА СТРИТЛИФТИНГ АЗЫ ИААРТУ АТӘЫЛАҾАЦӘТӘ ТУРНИР АҾЫ АКТӘИ АҬЫԤ ААННАКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Еизгоу акоманда стритлифтинг азы иаарту атәылаҿацәтә турнир аҿы актәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааннакылеит.
Аԥснытәи аспортсменцәа стритлифтинги уи хазы игоу аелементқәеи рзы иаарту атәылаҿацәтә турнир рхы аладырхәит. Атурнир мҩаԥысит Краснодар ақалақь аҿы.
Марк Муслиумов акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра азы актәи аҭыԥ ааникылеит (+32 кь).
Беслан Абыхәба акырынтә еиҭаҟаҵаз аҽышьҭыхра (+32 кь), акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра азы (+48 кь), иара убас ҩ-хкык рыла аицлабраҿы «Multilift» (+32 кь/+48 кь) азы актәи аҭыԥ ааникылеит.
Ратмир Кархалаа адхра «Classic», акырынтә еиҭаҟаҵаз аҽышьҭыхра (+16 кь), акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра «Classic» азы актәи аҭыԥ ааникылеит, акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра азы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит (+24 кь).
Леуан Бжьаниа адхра «Classic» аҿы, акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит (+16 кь).
ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИНХО АХАҴА ИДЫРБАЛЕИТ ИАГЬИМЫРХИТ АНАРКОЛИКАТӘИИ АРҨЫШЬЫГАТӘИ АМАҬӘАШЬАРҚӘА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь инхо, 1977 шықәса рзы ииз Еныкь Алеқсеи Зураб-иԥа изакәанымкәа иаахәаны Аԥсныҟа иалеигалеит анаркотикатә маҭәашьар «метадон», иара убас 38 грамм рҟынӡа арҩышьыгатә маҭәашьар «Прегабалин», ҳәа ианацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Аоперативтә информациа ала аусмҩаԥгатә мҩаԥыргеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәеи Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагылара азы аҟәша аусзуҩцәеи.
АТӘЫЛА АНАПХГАРА АХАҬАРНАКЦӘА АԤСНЫ АҨБАТӘИ АХАДА СЕРГЕИ БАГАԤШЬ ҲАҬЫРЛА ДЫРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 74 шықәса. Аԥсны Аҩбатәи Ахада иира Амш аҽны атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Сергеи Багаԥшь инышәынҭра аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Сергеи Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнак Гарри Кәпалба, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, Аԥсны аполитикатәии ауаажәларратәии еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
АԤСНЫ АНАПХГАРА АХАҬАРНАКЦӘА ВЛАДИСЛАВ АРӠЫНБА ИМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 13 шықәса раԥхьа, хәжәкырамза 4, 2010 шықәса азы, акыраамҭа иалагӡаны ихьуаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, мрагылараҭҵааҩ аҵарауаҩ ду, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
13 ШЫҚӘСА РАԤХЬА ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АԤСНЫ РАԤХЬАТӘИ АХАДА ВЛАДИСЛАВ АРӠЫНБА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 4 рзы жәаха шықәса ҵит Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаара далҵиижьҭеи (1945 – 2010 шш.).
Жәаха шықәса рыԥхьа, хәажәкырамза 4, 2010 шықәсазы, акыраамҭа ихьуаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәса рзы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Араҟа уи ихигеит ихәыҷреи ишкол аамҭеи.
1962 - 1966 шш. Владислав Арӡынба аҵара иҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт, аҭоурыхҭҵааратә факультет аҿы. Уи даналга ашьҭахь Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура дҭалеит. Қәҿиарала уи даналга ашьҭахь Владислав Арӡынба ари Аинститут аҿы 1969 шықәса инаркны 1988 шықәанӡа аус иуит. Уи Азиа Маҷ, ахәҭакахьала ахаттааи ахеттааи ркультуреи рҭоурыхи рыҭҵаара инапы алакын.
Владислав Арӡынба 1985 шықәсазы адоктортә диссертациа ихьчеит, 1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинститут Ажәытә Мрагылара акультуреи аиделогиеи рсектор анапхгаҩыс дҟаҵан.
Владислав Арӡынба 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп.
1988 шықәсазы Владислав Арӡынба Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректорс дҟарҵоит. Иара убри ашықәсан далырхуеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, анаҩс 1989 шықәсазы - Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, араҟа уи автономтә еиҿкаарақәа рзинтәии рҳәынҭқарратәии астатус азы акомисиеиҵа напхгара аиҭеит, иара убас Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум алахәылас дҟалеит.
Владислав Арӡынба аполитика далалеит Аԥсныгьы уахь иналаҵаны, Асовет Еидгыла аҭоурых аҿы зегьы раасҭа иуадаҩыз аамҭақәа руак азы. Ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа рзинқәа рырҭбаара иԥсҭазаара ахықәкы хаданы иҟалоит. Владислав Арӡынба Асовет Еидгыла ажәларқәа рзинқәа еиҟараны рыҿиара азы азинтә шьаҭа аԥҵара аҿы илагала дууп, уи иаԥшьгарала, хаҭала иалахәхарала Азакәанқәа реиқәыршәареи рыдкылареи алыршахеит, иара убас ԥыхьатәи автономтә республикақәа рхьыԥшымра шьақәзырӷәӷәоз Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аконституциа ахь аиҭакрақәеи ацҵақәеи алагалахеит.
1990 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхит.
Ареспублика данахагыла, Владислав Григори-иԥа Аԥсны ажәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарра аԥҵара азы ирымоу иузаҟәымҭхо азин анагӡара иазку акурс амҩаԥгара далагеит.
1992 шықәсазы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага, Владислав Арӡынба Аҳәынҭқарратә тәылахьчара акомитет Ахантәаҩыс дҟалоит, уи аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара напхгара аиҭоит. Аибашьра анцоз аамҭазы аԥсуа ар аԥҵарала, Владислав Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хадас дҟалеит.
Цәыббрамза, 1993 шықәсазы Владислав Арӡынба инапхгарала Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара алыршахеит, ари ишьаарҵәыраз аибашьра аҿы агрессор ареспублика аҟынтәи дықәцан.
Абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахадас далырхит, жьҭаарамза 3, 1999 шықәсазы уи ҩаԥхьа Аҳәынҭқарра Ахадас далырхуеит.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба аепохатә ҭоурыхтә хҭысқәа рыла игәылҭәааз аԥсҭазааратә мҩа данысит. Уи Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аҿы аума, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс даныҟаз аамҭа азы аума, анаҩс – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас даныҟала аума активла инаигӡоз аполитикатә усура инагӡаны хаҭала илаз аҟыбаҩ ҷыда: изанааҭдырра ҳаракы, ихадоу алкаара азы алшара, ахықәкынагӡара, иара убас амилаҭтә интересқәа рыхьчараан ахьаҳә-хьачарадара.
Аиҳарак ахақәиҭратә қәԥара аан иаарԥшхаз Владислав Григори-иԥа илаз аԥхьагыларатә ҟазшьақәа роуп 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҵыхәтәа аҿы ихадоу ароль назыгӡаз. Иара убри алагьы уи ииашаны ажәлар рыбзиабара даԥсахеит.
Ҿыц ишьақәгылаз ареспублика азы ԥышәара дуны иҟалеит аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа, усҟан уи аекономикатәи аполитикатәии блокада иҭакын, уи адәныҟатәи атәылақәа жәпак

РОЛАНД ПАПБА АԤСНЫ АКОНТРОЛТӘ ПАЛАТА АУДИТОРС ДАЛХУП.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа Роланд Папба Аԥсны Аконтролтә Палата аудиторс далырхит. Уи азы 32-ҩык аилатәара иалахәыз адепутатцәа рҟынтәи 31-ҩык рыбжьы рҭиит.
ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА СТАНИСЛАВ ЛАКОБА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Станислав Лакоба ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟы аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Станислав Зосим-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш, акрызҵазкуа 70 шықәса шәхыҵра арыцхә!
Шәара – атәылауаҩратә позициа змоу, апатриот иаша, зус ламысла иазыҟоу, аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара зылшо ауаҩы, ҳтәылаҟны ҳаҭыр змоу аполитикцәа шәыруаӡәкуп, иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩык иаҳасабала зегьы шәырдыруеит.
Шәара ишәҟазшьоу ахара ахәыцра, апрофессионализм, ауаажәларратәи аполитикатәи усураҟны ахаангьы ахықәкынагӡара иашьҭоу аӡә иаҳасабала аҳаҭыр шәаԥсаны шәҟалеит Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы.
АҴАРА АМИНИСТРРЕИ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУИ АКЛАССТӘ СААҬҚӘА “АШӘАРҬАРА ЗҴОУ АХӘМАРРАҚӘА” РЫПРОГРАММА АӠЫРГАРА МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара аминистр ихаҭаԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Мактина Џьынџьали аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы арҵаҩратә еилазаареи аҭаацәатә комитетқәеи рзы 5-11-тәи аклассқәа ирызкны акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа», иара убас арҵаҩцәеи ахәыҷқәа рҭаацәеи рзы «Ахәыҷқәа ишәарҭоу аонлаин-ахәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәа рӡыргара мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟаҵоуп Аԥсны аҵара Аминистрра Феисбук аҟны иҟоу адаҟьа аҿы.
«Ҳаамҭазтәи аинформациатә технологиақәа ауаажәларра рзы хәарҭара аланы иҟалеит. Аха иара убри аамҭазы уи иаҵаҵәахуп иаизакны ауаажәларра рзы, ахәҭакахьала ахәыҷқәа рзы ашәарҭара ду зцу адеструктивтә цәырҵрақәа маҷымкәа. Ҳара ҳхәыҷқәа рзы аинтернет-ҵакыра иацу ашәарҭарақәа зегьы ртәы ҳдыруазар ахәҭоуп, хымԥада. Аҵара Аминистрреи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Аусбарҭа Аппарати рымчи рыхшыҩи еилаҵаны ахәыҷқәа ашәарҭара зҵоу онлаин-хәмаррақәа ралагалара аԥхьырҟәҟәаареи агәҽанызаареи иазырхоу акласстә сааҭқәа рыпрограмма еиқәдыршәеит», – ҳәа илҳәеит Ада Кәарҷелиа.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьал лажәақәа рыла, акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа» рыпрограммеи, иара убас «Ахәыҷқәа ишәарҭоу онлаин–хәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәеи раԥҵара Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ зауз ахәыҷқәа рҭахара зыхҟьаз, урҭ аҽашьраҟынӡа рнагара ауп ҳәа иҟоу агәҩара ақәҿыҭра аҳасабала иҟалеит.