АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынҷкәын.2023

Ажьырныҳәамза 1 инаркны Аҟәа ақалақь амуниципалтә усбарҭақәа рмаҵурауаа руалафахәы 100% рыла ишьҭыххоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны

Аҟәа ақалақь амуниципалтә усбарҭақәа рмаҵурауаа руалафахәы  100% рыла ишьҭыххоит. Абри атәы арадио  Sputnik-Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.

Аулафахәы ашьҭыхра аҳҭнықалақь абиуџьет ахашәалахәқәа рышьҭыҵра ала имҩаԥыслоит.

«Абиуџьет аизҳара бзиоуп. Сынтәа ҳара Аҟәа ақалақьтә Еизара ҳадҵаалеит, адепутатцәагьы адгылара ҳарҭеит». – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

Уи сынтәа афинанстә лшарақәа ҳасаб азуны Аҟәа ақалақь аҿы аулафахәы ихадоу ахышәаҵышәа ацҵақәеи аџьшьаратә шәатәқәеи (апремиақәа) изныкымкәа ашәара мҩаԥысхьан ҳәа иазгәеиҭеит.

«Уажәы ҳара аулафахәы 100 процентк рыла ишьҭаҳхуеит. Имҩаԥгаз ацҵақәа зегьы аулафахәытә шәатәқәа рахь ииагоуп. Даҽакала иуҳәозар, аулафахәы аҩаӡара официалла  100 % рыла иазҳауеит. Уи зегьы азы шықәсык ахь иазԥхьагәаҭоуп 120 миллион мааҭ», – ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Ешба.

Руалафахәы шьҭыххоит амуниципалтә усбарҭақәа зегьы рузуҩцәа, урыстәылатәи ацҵақәа зауа рыда. Уи аҳақьымцәеи арҵаҩцәеи роуп.

«Аиаша уҳәар еиӷьыми, уажәаԥхьагьы ари аҭагылазаашьа ариашара аҭахын. Иахьа аппараттә усзуҩцәа ироуеит 7-8 нызықь мааҭ. Сара сгәаанагарала, аулафахәы ацҵара – ари даара хра злоу усны иҟалоит.  Бжьаратәла уи 20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит», –  ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада.

Беслан Ешба, Аҟәа ақалақь аҿы аа-категориак иаҵанакуа ауааԥсыра иназыцҵоу ашәатәқәа рызшәахоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҭаацәарацәа, ихәыҷы аахыс аинвалидра змоу, аиаҭымцәа ҳәа иазгәеиҭеит иара. Иара убас зныктәи аԥаратә цхыраагӡатәқәа рызшәахоит ахәыҷы иираан.

«Асоциалтә ҟәша абиуџьет (уажәы уи «Аџьатә, асоциалтә тәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, егьырҭ ашәатәқәа рзы Аԥхьаӡаратә Центр» ҳәа иашьҭоуп) 44 миллион мааҭ рҟынтәи 72 миллион мааҭ рҟынӡа иазҳаит, даҽакала иуҳәозар, 100 % инарзынаԥшуа иацлеит», – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.  

Ашықәсҿыцтәи аныҳәазы аҳамҭа аҳасабала аҳҭнықалақь Ахадара ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа ирзоунажьуеит зныктәи аԥаратә цхыраагӡатәқәа.


Read 301 times - Ашәахьа, 04 Ԥхынҷкәын 2023 00:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.