АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2023

Аминистрцәа Реиалазаараҿы адгьылхархәаратәии амазаратәии азҵаарақәа рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы ахәаша, ԥхынҷкәынмза  1 азы имҩаԥысыз аилатәара аҿы амшхәаԥштә иалагалаз  адгьылхархәаратәии амазаратәии азҵаарақәа рыла аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Аминистрцәа Реилазаара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Дом отдыха «Черноморская жемчужина», Очамчыра ақалақь, Ҷанба имҩаҿы  иҟоу адгьылхәҭа 15 шықәса аҽҳәара аманы адгьылаҵантәи атермалтә ӡқәа рыҵхра азы ахархәаразы азин анаҭеит.

Хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ҳашба Стелла Дмитри-иԥҳа  убасҵәҟьа Очамчыра араион Кәтол ақыҭан иҟоу адгьылхәҭа 15 шықәса аҽҳәара аманы адгьылаҵантәи атермалтә ӡқәа рыҵхра азы ахархәаразы азин лыҭахоит.

Аҟәатәи акондитертә фабрика амазаратә комплекс априватизациа ззура ҟало аобиектқәа рсиа иалагалоуп. Атәыла Анапхгара уи априватизациа аҭагылазаашьақәа шьақәнарӷәӷәеит.

Атәыла Анапхгара аӡбамҭала Аҳәынҭқарратә Наплакы «Аԥсныча» иаҵанакуа Гагра ақалақь ԥыхьатәи  ачаӡырҭа азауад амазара априватизациа иаҵанакуа аобиектқәа рхыԥхьаӡара иалагалахеит. Ишьақәырӷәӷәоуп уи априватизациа аҭагылазаашьақәагьы.  

Аминистрцәа Реилазаара Гәдоуҭа араион Ахадара Каладахәара ақыҭан иҟоу,   0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьылхәҭа анаҩс Сымсым  Данил Баҭал-иԥа ахатәы ҩны аргыларазы «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә ҭыԥқәа рзы адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы иҟанаҵаз ажәалагала иадгылеит.

Аминистрцәа Реилазаара Гагра араион Ахадара, Гагра ақалақь (Кемпинг амикрораион) аҿы иҟоу,   0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьылхәҭа анаҩс Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «ХАКАРА 2022» ҽҳәарада ахархәара аҳасабала асасааирҭатә коттедџьқәа рыргылара азы аҭара иазкны  иҟанаҵаз  ажәалагала  иадгылеит.

Аминистрцәа Реилазаара Гагра араион Ахадара, Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭан иҟоу, 0,34 гектар рҟынӡа инаӡо  адгьылхәҭа анаҩс Хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ласариа Лиана Дмитри-иԥҳа ҽҳәарада ахархәара аҳасабала асасааирҭатә коттедџьқәа рыргылара азы лыҭара иазкны иҟанаҵаз ажәалагала иадгылеит.

Аминистрцәа Реилазаара Очамчыра араион Ахадара Очамчыра ақалақь аҿы иҟоу, 0,0584 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл ахәҭа анаҩс Хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Поцхор-оглы Сариа Лизберт-иԥҳа ҽҳәарада ахархәара аҳасабала асасааирҭатә коттедџьқәа рыргылара азы лыҭара иазкны иҟанаҵаз ажәалагала иадгылеит.


Read 237 times - Амҽыша, 03 Ԥхынҷкәын 2023 23:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.