АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынҷкәын.2023

Амаҵураныҟәаратә харџьқәа абиуџьет аҟынтәи ахарҭәааразы анорма ҿыцқәа шьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара амаҵураныҟәаратә харџьқәа абиуџьеттә хархәагақәа рыла рхарҭәааразы анорма ҿыцқәа шьақәнарӷәӷәеит.

Уи азы аиҭакрақәа алагалоуп ԥхынҷкәынмза  27, 2017 рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «Амаҵураныҟәаратә харџьқәа Ареспублика Аԥсны абиуџьеттә система ахархәагақәа рыла рхарҭәааразы анорма ҿыцқәа рышьақәынарӷәӷәара азы» Ақәҵара №182.  

Ареспублика аҩныҵҟа инагӡоу амаҵураныҟәарақәа раан уахыки-ҽнактәи ашәатәы 250 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Урыстәылаҟа (Москвеи Санкт-Петербурги ақалақьқәа уахь иналамҵакәа) инагӡоу амаҵураныҟәарақәа раан уахыки-ҽнактәи ашәатәы 1200 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аамҭалатәи анхарҭа қьырала агаразы ахарџьқәа рхарҭәаара уахыки-ҽнаки рзы 5400 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Москвеи Санкт-Петербурги ақалақьқәа рахь амаҵураныҟәарақәа рынагӡараан уахыки-ҽнактәи ашәатәы 1450 мааҭ рҟынӡа инаӡоит,  аамҭалатәи анхарҭа қьырала агаразы ахарџьқәа рхарҭәаара уахыки-ҽнаки рзы – 7200 мааҭ иреиҳамзароуп.  


Read 325 times - Ашәахьа, 04 Ԥхынҷкәын 2023 00:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.